АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Хәажәкыр.2024

Бадра Гәынба аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азҵаарақәа рыла аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра  Гәынба   В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҵакыраҿы  абаӷәаза  аргылареи ареконструкциа амҩаԥгареи рызҵаарақәа ирызкны акоординациатә штаб аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.  

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр  Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган,  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, аҳаирбаӷәаза адиректор Хада Наиль Батраев.

Аиԥылараҟны ирзааҭгылан аусура аамҭа анагӡара иадҳәалаз азҵаатәқәа. Аԥырратә дәаҿы нап аркуп аԥырра-тәарҭатә цәаҳәақәа рырҽеира, иара убас аҿықәқәа ррыцқьара. Ажәытә хыбрақәа рықәгаразы аусурақәа цоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аспециалистцәа рымчала артҟәацгатә маҭәашьарқәа рыԥшааразы ауснагӡатәқәа, иара убас уи аҵакыраҿы аҵлақәеи ачықьқәеи ррыцқьара мҩаԥгоуп.

Бадра Гәынба  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала аҳаирбаӷәаза ахь инагоу автомашьынатә мҩа аҿы имҩаԥысуа аусурақәа рцашьа гәеиҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гунба шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа авиақалақь аҿы игылоу аҩнеихагылақәа рҿы инхо ауаа рзы ашәырахада аиҭашьақәыргылара ҟалаанӡа  иҳәаарку арыцқьаратә шьақәгылақәа рыргалара азы адҵа аиҭеит.

Иара убас иарбоу апроект анагӡара иалаху аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи адҵақәеи анапынҵақәеи рыҭахеит.  

Бадра Гәынба иара убас ашьҭыԥраара-тәаратә цәаҳәа аҿы адемонтажтә усурақәа рцашьа гәеиҭеит.   

Уи иара убас аҭакԥхықәра зду ауаа ирыдиҵеит апроект алахәылацәа зегьы русура ишахәҭоу еиԥш иҳәаақәҵазарц иарбоу аҿҳәара инақәыршәаны.

В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ареконструкциа аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусуРа аиҭахацыркреи анаҩстәи ахархәареи рзы аинвестициатә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Уи иазԥхьагәаҭоу апссаџьырцәа рхыԥхьаӡара аизҳара  азы ихымԥадатәиу аушьҭратә лшара аиқәыршәара иазырхоуп.  


Read 115 times - Аԥшьаша, 21 Хәажәкыр 2024 01:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.