АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Хәажәкыр.2024

Аҵара аминистр Инал Габлиа Апарламент аҿы имҩаԥгаз аиҳабыратә класс аҿы дықәгылеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит «аиҳабыратә сааҭ». Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны «аиҳабыратә сааҭ» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит адепутатцәеи аҵара аминистр Инал Габлиеи реиԥылара. Аиԥылара иалахәыз ареспубликаҟны аҵара апроблемақәа ирылацәажәеит. 

Аминистр иажәахә аҟны аусбарҭа аусуреи уи аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәеи дырзааҭгылеит. 

Азакәанԥҵара инақәыршәаны аҵареи, абызшәатә политикеи, адини, АИХ аусқәа рзи аилак ахантәаҩы азҵаарақәа азирхиеит «аиҳабыратә сааҭ» аҟны рзыӡырҩразы.

Имҩаԥысит ԥасатәи ааԥхьара актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Аҵаразы» азакәан апроект азырхиара иадҳәалоу апроблемақәа. Аимак-аиҿак зҵаз ари азҵаара алацәажәараан иазгәаҭан иахьатәи аԥсҭазаара иашьашәалоу ари азакәан адкылара иамоу аҵакы, абри аганахьала аусура арццакра.

Еизаз зҿлымҳара арҭеит амилаҭтә ҵараиура аконцепциа, аԥсуа милаҭтә школқәа рыҟны аԥсуа бызшәа апрограмма ауадаҩра, англыз бызшәа аурыс бызшәа аурокқәа рҭыԥан алагалара, Аԥсны анҭыҵ жәларбжьаратәи аицлабрақәа ирылахәу аспортсменцәа аԥышәарақәа рыҭираҟнытә рхы рақәиҭтәра уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа.

Хазы иазааҭгылан аҵара Аминистрра абаланс аҟны иҟоу абжьаратәи ашкол аҟны алгебреи геометриеи еидкыланы аԥышәара аҭира  аҵаҵӷәыркра азҵаара. 

«Аиҳабыратә сааҭ» аихшьала ҟаҵо, Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша иаҵшьны иазгәеиҭеит Аминистрреи Апарламенти русеицура арӷәӷәара шаҭаху атәы.

 


Read 89 times - Аԥшьаша, 21 Хәажәкыр 2024 22:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.