АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Хәажәкыр.2024

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ ииубилеи идиныҳәалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 26 рзы ииубилеи азгәеиҭоит Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Илиа-иԥа Боциев.  

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Олег Боциев 70-шықәса ихыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы дәықәиҵеит.  

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Олег Илиа-иԥа! 70-шықәса шәхыҵра инамаданы ишәыдышәкыл гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара.

Шәара шәзанааҭдырра иҳараку аҩаӡареи адипломатиатә усура аҿы ишәымоу аԥышәа дууи ирыбзоураны, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы еиԥш уи анҭыҵгьы аҳаҭырқәҵара шәҽаԥсашәтәит.

Аԥсны аԥсуа-аахыҵуаԥстәылатәи аизыҟазаашьақәеи аҩганктәи аусеицуреи рыҿиара аҿы шәлагала ахә ҳаракны иршьоит.  

Шәира Амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Олег Илиа-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, шәнапы злаку аҭакзыԥхықә усура аҿы ақәҿиарақәа».


Read 99 times - Ахаша, 27 Хәажәкыр 2024 14:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.