АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Хәажәкыр.2024

Аслан Бжьаниа академик Шьоҭа Арсҭаа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа академик Шьоҭа Арсҭаа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

«Апрофессор, академик, афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа актәи апрезидент, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  I аҩаӡара акавалер Шьоҭа Арсҭаа иԥсҭазаара алҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи срыдышшылоит.

Шьоҭа Ҟасҭа-иԥа Анаукақәа Ракадемиа ахьтәы медал занашьоу раԥхьатәи аԥсуа ҵарауаҩ аԥсуа наука аҿы имыӡуа ишьаҭа аанижьит. Иара ахарахәыцреи зыжәлар гәыкала рзыҟазаареи рзы ҿырԥшны дыҟан. Шьоҭа Ҟасҭа-иԥа иԥсҭазаара алҵра – ҳтәыла анаукатә еилазаара зегьы азы харҭәаашьа змам цәыӡ дууп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада идышшыларатә шәҟәы аҿы.

Хәажәкырамза 26 рзы, 96-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит  аҵарауаҩ-филолог, апрофессор, академик, афилологиатә наукақәа  рдоктор,  «Ахьдз-апша» аордена I  аҩаӡара акавалер Шьоҭа Арсҭаа. Шьоҭа Арсҭаа Аԥсны анаукақәа Ракадемиа актәи апрезидетс иҟаз, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ахьтәы медал занашьоу раԥхьатәи аԥсуа ҵарауаҩын.

Аҵарауаҩ 1997 шықәса инаркны 2013 шықәсанӡа Аԥсны анаукақәа Ракадемиа напхгара аиҭон.


Read 100 times - Ахаша, 27 Хәажәкыр 2024 15:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.