АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Хәажәкыр.2024

Аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы аҿы азакәан апроектқәа фба иахәаԥшит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, хәажәкырамза 28 рзы аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент апресс-маҵзура.

Аилатәара аҿы иахәаԥшит азакәан апроектқәа фба:

- «Абылрацәыхьчаратә  дҵақәа рзы атехникатә регламент».

- «Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа радҵааларақәа аԥҟарақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы».

- «Аҳәынҭқарратә аахәарақәа рзы» .

- «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳаиртә Закәанеидкыла аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы».

- «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы».

-«Еиҭамҵуа амазара акадастр азы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан адкылара инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы».

- «Атауартә џьармыкьақәа рҿы амонополиатә усура аԥкрақәа ралагалареи аконкуренциеи рзы».

«Абылрацәыхьчаратә  дҵақәа рзы атехникатә регламент» азакәан апроект ианахәаԥш ашьҭахь, апарламенттә Еилакы иарбоу азакәан апроект иааиуа Апарламент асессиа ахь ахәаԥшразы анагара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа радҵааларақәа аԥҟарақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы азакәан апроект ауааԥсыра, аиуристә хаҿқәа,  рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара, урҭ иаларҵо арзаҳалқәа ианаамҭоу рыхәаԥшреи разхьаԥшреи аҳәынҭқарратә напхгараҭара аеффективра аҩаӡара ашьҭыхреи алзыршо ҳаамҭа иақәшәо анормақәа ирықәшәо анорма-зинтә шьаҭа аԥҵара иазырхоуп.

Аҳәынҭқарратә аахәарақәа рымҩаԥгареи реиҿкаареи шьаҭанкыла ишьақәзыргыло «Аҳәынҭқарратә аахәарақәа рзы» азакәан апроект деталла аахәаратә процедурақәа рымҩаԥгара ҳәаақәнаҵоит, авторцәа ргәаангарала, абиуџьеттә ԥаратә хархәагақәа ихшыҩркны еффективла рныхра алнаршоит.

Анаҩс «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳаиртә Закәанеидкыла аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» азакәан апроект иахәаԥшит. Уи атәылауаҩратә авиациа аусхкы аҿы азинтә еиҿкаара аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны аус адулан.  Аилацәажәара ашьҭахь Аилак аҿы азакәан апроектқәа хԥа иааиуа Апарламент изаамҭанытәиу асессиа ахь аҩбатәи аԥхьарала рыдкыларазы рцәыргара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аилатәара иалахәыз иара убас «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы».

- «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» азакәан апроекти уи иадҳәалоу «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан адкылара инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» азакәан апроекти иахәаԥшит. Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла Аилак алахәылацәа иарбоу азҵаарақәа изаамҭанытәиу Апарламент асессиа ахь актәи аԥхьара аҿы адкылара азы анагара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

«Атауартә џьармыкьақәа рҿы амонополиатә усура аԥкрақәа ралагалареи аконкуренциеи рзы» азакәан апроект адкылара ахықәкы – Аԥсны аекономикатә усура  ахақәиҭра алыршара, аконкуренциа ахьчареи аџьармыкьақәа еффективла русуреи рзы.  

Иара убас аилатәара аҿы уи алахәылацәа  «Атауартә џьармыкьақәа рҿы амонополиатә усура аԥкрақәа ралагалареи аконкуренциеи рзы» азакәан апроект иахәаԥшит.  

Аҵыхәтәантәи азакәан апроектқәа ҩба рыла Апарламент иааиуа аилатәара аҩбатәи аԥхьара аҿы рышьақәырӷәӷәаразы абжьгара аҟаҵара инамаданы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Апрофильтә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа имҩаԥигоз аилатәара ихы алаирхәит Апарламент аҿы Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Батал Аиба.

 

 

 

 

 


Read 252 times - Аԥшьаша, 28 Хәажәкыр 2024 19:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.