АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Хәажәкыр.2024

УА адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысыз аиԥылара аҿы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи араунд амшхәаԥштә зҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Хәажәырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 28 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ  Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит.

Аԥсны аганахьала аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аконсултә  департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи Аигәатәи Мрагылареи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиеи.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи араунд аламҭалазы  аиԥылара иалахәыз еиҳа актуалра злоу аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу араунд амшхәаԥштә зҵаарақәа ирзааҭгылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аконсультациақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ҩаԥхьа  ипроблеманы инханы иҟоу Қырҭтәылеи Аԥсни, Қыҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи  рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

Иазгәаҭан Гал араиони Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа иаԥну араионқәеи рҿы, хҭысқәак азгәоумҭозар иааидкыланы аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу.  Убри аан иара убасгьы аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аделимитациеи анаҩс адемаркациеи  ирыдҳәалоу апроцесс аусура аларгараз иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара шхымԥадатәиу азгәаҭан.

 Иара убас иазгәаҭан иаарласны аусура ишаларгатәу Гал ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа разыԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм (МПРИ)  аусура.

Аԥснытәи аган ажәалагала ҟанаҵеит ари амеханизм аиҭахацыркшьа аганахьала, аха қырҭтәылатәи аган  адеструктивтә позициа иахҟьаны ари азҵаара инагӡаны иӡбамкәа иаанханы иҟоуп.

Аиԥылара иалахәыз иара убас мшаԥымза 4-5, 2024 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 60-тәи араунд егьырҭ актуалра злоу азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.   


Read 214 times - Ахәаша, 29 Хәажәкыр 2024 11:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.