АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Мшаҧы.2024

Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауаз ахәыҷқәа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауаеиҭныԥсахлара аппарат иаҿаркит.

Аҟәа. Мшаԥымза  6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥмза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауаз, шәачатәи ахәышәтәырҭахь ииагаз ахәыҷқәа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа  иԥсабаратәым аҳауаеиҭныԥсахлара аппарат иаҿаркит. 

Ахәыҷқәа ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа ишьақәыргылоуп. Абри азы ҭелла реиҿцәажәараан Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба адырра ииҭеит Шәача ақалақь  Анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр аҳақьым хада  Андреи Аргунов.  

Иара убас ироуз абылрахәрақәа ирыхҟьаны Аԥсны Ареспубликатә хәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша аҿы иҟоу ахәыҷқәа раби рани урыстәылатәи абылрахәышәтәратә Центр ахь рыиагаразы еиқәшаҳаҭхеит.  

Аҩыџьагьы ироуз ааха амҽхак  70% рҟынӡа инаӡоит.


Read 186 times - Асабша, 06 Мшаҧы 2024 12:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.