АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Мшаҧы.2024

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иира Амш идылныҳәалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны  Аҳәынҭқарра  Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иира Амш идылныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рыхьӡала гәык-ԥсыкала  ишәыдысныҳәалоит  Шәира Амш!

Шәнапы злаку аҳәынҭқарратә ус аҿы ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аихьӡара дуқәеи. Ихьыԥшым ҳҳәынҭқарра аизҳазыӷьара инамаданы шҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа қәҿиарала рыӡбараҿы шәылшара ԥқымзааит, зегь рыла шәманшәалазааит!

Хаҭала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡара ҿыцқәа, агәалаҟара бзиа!”   

 


Read 164 times - Асабша, 06 Мшаҧы 2024 16:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.