АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Мшаҧы.2024

Еилкаахеит анапылампыл азы ахацәеи аҳәсеи ркомандақәа рыбжьара ачемпионат I атур аихшьаалақәа.

Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 6 рзы Аҟәа ақалақь аҿы анапылампыл азы ахацәеи аҳәсеи ркомандақәа рыбжьара ачемпионат хацыркхеит.  

Ахацәа ркомандақәа рыбжьара актәи атур ахәмаррақәа реихшьаалақәа абас ала ишьақәгылеит:

Ареспубликатә Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ-Гагра» («РДЮСШ»-«Гагра») – 2:3

«Агәыӡера»– «Аҟәа» – 0:3

«Аҷандара»-«Очамчыра» – 3:0

«Спартак»-«Пицунда» – 3:0

Аҳәса ркомандақәа рыбжьара актәи атур ахәмаррақәа реихшьаалақәа абас ала ишьақәгылеит:

«Пицунда» - «Агәыӡера» – 3:0

«Гәдоуҭатәи Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ» - «Аҟәа» – 0:3

«Гәдоуҭа» - «Агәыӡера» – 3:0

Ачемпионат иалахуп аҳәса ркомандақәа жәбеи ахацәа ркомандақәеи фбеи.  

Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки.

 


Read 78 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 10:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.