АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Мшаҧы.2024

Гагра араион Апрокуратура урыстәылатәи атәылауаҩԥҳәыс лҭахара инамаданы агәаҭара мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Апрокуратура урыстәылатәи атәылауаҩԥҳәыс Инесса Поленко лҭахара инамаданы агәаҭара мҩаԥнагоит.  Амашәыр аныҟала ашьҭахьҵәҟьа апрокуратура аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеины ахҭыс иақәшәаз ауаа ирызҵааит, анаҩс аекспертиза амҩаԥгара иалагеит. 

«Уаҳа ари аҩыза арыцҳара ҟамларц азы  иахәҭоу аӡбамҭақәа рыдкылареи агәҽанҵареи ҟаҵалатәуп», – ҳәа Sputnik-Аԥсны акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Гагра араион апрокурор  Беслан Пкьын.

Уи ишазгәеиҭаз ала, атрагедиа ҟалеит Гагра ақалақь уахьналало игылоу анаԥшратә плошьадка аҿы. Атуристцәа ргәыԥ рхатәы машьынала Аԥсныҟа иааит. Урҭ араҟа иаанкылеит агәаларшәага ҳасабла афотосахьақәа ҭырхырц. Ҳгәы излаанаго ала, иҭахаз 40-шықәса зхыҵуаз  Инесса Поленко лыблахаҵ гьежьын анаԥшратә плошьадка аҟынтәи далҟьеит.

Уи Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада ареанимациатә ҟәша ахь днаргеит, уаҟа лара лыԥсҭазаара далҵит.  Апрокуратура аҿы иҟалаз атрагедиа азы ахара зду реилкаара азы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп, избан акәзар, иарбоу аҭыԥ аҿы иаанкылоит Аԥсныҟа иаауа зықьҩыла атуристцәа.

Мшаԥымза 7 рзы Шәача ақалақь инхоз аԥҳәыс  50 метр рҟынӡа аҳаракыра змоу анаԥшратә плошьадка аҟынтәи далҟьеит. Уи ирацәаны ахәрақәа лыманаы  ахәышәтәырҭахь днаргеит. Аҳақьымцәа ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы аԥҳәыс лыԥсҭазаара аиқәырхара залымшахеит. 


Read 97 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 10:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.