АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Мшаҧы.2024

Аналитик: Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рбанктә проблема аӡбара Аҩадатәи Кипр ала иалшоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи Аҩадатәи Кипри Аԥсни аԥарашәаратә система «Мир» ахархәара ахьаиуо афинанстә еиҿкаарақәа раԥҵарала абанктә аиагарақәа ирыдҳәаланы иҟоу апроблемақәа рыӡбара рылшоит, ҳәа РИА Новости  акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит ҭырқәтәылатәи аналитик Енгин Озер.

Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Ерхов уаанӡа РИА Новости ахь иҟаиҵахьаз адыррақәа рыла, Америка аганахьала аҳәынҭқаррабжьаратәи аимадара анормақәа реилгарала аҭырқәа бизнес ӷәӷәала ақәыӷәӷәаа аиуоит. Иара иазгәеиҭеит Урыстәылантәи Ҭырқәтәылаҟа ашәатәқәа рыиагара иадҳәалоу апроблема шыҟац иаанхоит ҳәа. Абанктә сектор аҿы иҟоу аинформациа ахыҵхырҭала ишеилкаахаз ала, Еиду Америкатәи Аштатқәа хазхаҭалатәи аҭырқәа банкқәа  инҭырҳәцааны аԥарашәаратә аиагарақәа ргәаҭара ахымԥадатәра азы ргәырҽанырҵоит, уимоу, лассы-лассы уи ақәымчратә ҟазшьагьы анаанахәогьы ыҟоуп.  

«Аха аус аҿы Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара аԥареикәыршара иадҳәаланы ишьақәгылаз апроблема даҽа ӡбашьакгьы ыҟоуп. Ишдыру еиԥш, Аҩадатәи Кипр Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи Ареспублика Аԥсни  –«хәҭакахьала» иазхаҵоу ҩ-тәылак роуп. Аҩтәылакгьы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҿы ахаҭарнакра рымаӡам, убри аҟнытә мраҭашәаратәи атәылақәа акыр шықәса рыҩныҵҟа арҭ атәылақәа аембарго ақәырҵоит. Ашәатәқәа рынагӡара алыршахоит ашәаратә система «Мир» ала Аԥсны урыстәылатәи аган ала иаԥҵаз «аҭыԥантәи» абанк, мамзаргьы Аҩадатәи Кипр аус зуа абанкқәа руак  аҿы», - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аинформациатә Маҵзура иаҿцәажәоз аналитик.

Уи иажәақәа рыла, акыр шықәса рыҩныҵҟа аекономикатә санкциақәа рыҵаҟа иҟоу арҭ аҩ-тәылак рзы абанктә ембарго азы ашәарҭара ыҟаӡам.

«Ҭырқәтәылантәи ииагахо аԥаратә хархәагақәа Аҩадатәи Кипр иҟоу абанк ахь ииагахоит, Урыстәылантәи аиагарақәа  – Аԥснытәи абанк ахь ииагахоит. Ашәаратә система «Мир» ахархәара ахьаиуо инамаданы, уи анҭыҵынтәи ацклаԥшра ҟалоит, абизнесменцәеи акоммерциатә еилазаарақәеи  рзы асанкциа аҵанакразы ашәарҭара ҟалаӡом», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

 


Read 116 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 11:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.