АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Иира амш азы адныҳәаларақәа идикылоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәа. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Иира амш азы адныҳәаларақәа идикылоит. Аҳәынҭқарра Ахада 61 шықәса ихыҵит.

Аслан Бжьаниа адныҳәалара изааит аладауаԥстәылатәи ахада иҟнытә: Алан Гаглоев изеиӷьеишьеит агәабзиара, еицакра зқәым агәамч, агәыхәтәыхьӡара, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аҭынчреи аизҳазыӷьареи рыхьӡала иҿаԥхьа иқәиргылаз ауснагӡатәқәа рынагӡара. 

«Сгәы иаанагоит хаимадара, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаԥстәылеи рыбжьара традициала ишьақәгылаз аиҩызаратә еизыҟазаашьа бзиақәа ррырҭбааразы ҳусеицура иацҵахоит ҳәа.

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны Аслан Бжьаниа изеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҟны ахирра, аихьӡара ҿыцқәа. Уи иара убас иҳәеит «Урыстәылатәи Афедерациеи аԥсны Аҳәынҭқарреи рзы анарха змоу акрызҵазкуа ахырхарҭақәа рырҿиара иазку мҽхакыҭбаала аимадара, ԥеиԥш змоу аԥшьгара ҿыцқәа» рыцхраара аԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа игәы ишаанаго   

Урыстәылатәи Афедерациа  Афедералтә Еизара Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа изеиӷьалшьеит агәабзиара, ахирра, аихьӡара ҿыцқәа инапы злаку аҭакԥхықәра зцу иусураҟны. Матвиенко илхәеит аԥснытәи апарламентари аус ацура арҭбаара дшазхиоу  аҳаҭыреиқәҵареи аиашареи, иара убас агәылаеимабзиара атрадициақәа шьаҭас ирыҭаны иқәгылоу апроблемақәа рыӡбара хықәкыс иҟаҵаны.

Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатәии азинмы змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иҟаиҵаз аацҳамҭаҟны иазгәеиҭеит Аԥсны Ахада аидгыларатәи, астратегиатә усеицура апринципқәа уасхырс иззышьҭоу урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны инаигӡо ароль. Уи иара убас иҳәеит Урыстәыла аиашьаратә Аԥсны ганрацәала ацхраара ишацнаҵо асоциал-економикатәи акультура-гуманитартәи ҿиараҟны, ашәарҭадареи асуверенитети ралыршараҟны, жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи арегионалтә шәарҭадареи рыҟны. 

Ареспублика Башкортосҭан ахада Ради Хабиров Аԥсны Ахада изеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, ахирра, аҭакԥхықәра зцу иусураҟны аихьӡара ҿыцқәа, ахә ҳаракны ишьеит Аԥсны Ахада Ареспублика Башкортосҭан иазыҟазаашьа бзиеи аԥшьгарақәа ириҭо адгылареи.

Ареспублика Башкортосҭан Аԥыза-министр Андреи Назаров Аслан Бжьаниа изеиӷьеишьеит аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡара ҿыцқәа, агәабзиара, еицакра змам агәамч, анасыԥ ду. «Акыр шықәса раахыс шәыздыруеит апрофессионал ду, зыгәра гоу уаҩык иаҳасабала. Иахьа Шәара рыӡбара шәаҿуп акрызҵазкуа аекономикатә проектқәа, аинфраструктура арҿыцра, ауаа рыԥсҭазаашьа аиӷьтәра ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа акыр», - аҳәоит адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны.

Агәабзиара, ахирра, аҭакԥхықәра зцу иусураҟны аԥхьаҟагьы аихьӡарақәа ирызкыз азеиӷьашьарақәа идикылеит Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатәии азинмы змоуи Алада Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев. Уи иҳәеит Ахада иганахьала шықәсарацәалатәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи наҟ-ааҟ феида змоу аусеицуреи рзы ишьҭаҵоу ауасхыр ӷәӷәа амҽхак арҭбааразы иҟаҵоу ацхыраарала  иабзоураны Аԥсны Уаԥстәылеи рыбжьара аиҩызара аҿиара еиԥҟьараны ишыҟам атәы. 

Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара  Ахеилак Ахантәаҩы Николаи Патрушев адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны иҳәеит «ашәарҭадара алыршара иазку азҵаараҟны Урыстәыла аганахьала Шәара шәреспублика аус шәыцура зылшо, зыгәрагоу аҩыза бзиа дамоуп».  Патрушев Аԥсны Ахада изеиӷьеишьеит агәамч, Аԥсны жәлар реизҳазыӷьара ахьӡала аусураҟны аԥхьаҟагьы аихьӡарақза. 

Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак актәи Амаӡаныҟәгыҩ Рашид Нургалиев Аслан Бжьаниа изеиӷьеишьеит иҩызцәа, изааигәоу иҭынхацәа  рганахьала адгылара, агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара. «Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа аԥсуа жәлар рымаҵ ауреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьареи ирызкуп», - аҳәоит ателеграммаҟны.

Агәабзиара, агәеизҳара, ақәҿиарақәа, еицакра змам агәамчи аоптимизмреи Аслан Бжьаниа изеиӷьеишьеит аацҳамҭаҟны Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Казбек Коков.

Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Аль-Асад адныҳәаларатә цҳамҭаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада изеиӷьеишьеит аихьӡарақәа, ахирра, анасыԥ. 

Александр Новаки Максим Решетникови Аслан Бжьаниа ҭелла Иира амш идырныҳәалеит.

Имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиеви ҭелла реицәажәара.  Вениамин Кондратиев Краснодартәи атәылаҿацә ауааԥсыра рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Аслан Бжьаниа иира Амш идиныҳәалеит.

Шәача ақалақь Ахада Алеқсеи Копаигородски ҭелла Аслан Бжьаниа иира Амш идиныҳәалеит. Алеқсеи Копаигородски Аԥсны Аҳәынҭқарра  Ахада изеиӷьеишьеит агәабзиара, ахирра, аҭакԥхықәра зцу аусураҟны аихьӡара ҿыцқәа.

Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Русҭам Минниханови ҭелла реицәажәара.  Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Аслан Бжьаниа иирамш идиныҳәалеит. «Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәамч, аихьӡарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара ахьӡала шәусураҟны, агәабзиара, анасыԥ, ахирра Шәаргьы ишәзааигәоу ауаагьы», - иҳәеит иара. 

Рашид Темрезов гәыблыла Аслан Бжьаниа ҭелла иира Амш идиныҳәалеит.

Ҟарачы Черкесстәи Ареспублиа  Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада изеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара, аҭынчра, инапы злаикуа аусқәа рыҟны аихьӡарақәа. 

 

 


Read 36 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 12:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.