АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Мшаҧы.2024

Олег Барцыц Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аконгресстәи ацәыргақәҵатәи аусура азы Анапхгарабжьаратәи Ахеилак аилатәара ихы алаирхәит.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аконгресстәи ацәыргақәҵатәи аусура азы Анапхгарабжьаратәи Ахеилак изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит. Ахеилак аусура рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа, Ареспублика Белорусь, Ҟазахсҭан, Азербаиџьан, Ҟыргызсҭан, Ермантәыла, Молдова ахаҭарнакцәа.

Ареспублика Аԥсны аделегациа Ахеилак аусура абар шьҭа хынтәиуп ахы аланархәуижьҭеи.

Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак, Аԥсны Аҳәынҭқарра Москватәи Акультуратә Усуратә Центр аԥҵаратә Хеилак ахантәаҩы  Олег Барцыц иқәгылараҿы, Аԥсны формалла макьаназы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара ишаламгьы, ԥыхьатәи Асовет Еидгыла иалаз атәылақәа аус рыцура азы агәҭакқәа амоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара аринахысгьы активла ҳтәыла жәларбжьаратәи арена аҿы апозициақәа рӡыргара мҩаԥаагалоит, Аԥсны, евразиатә ҵакыра иузаҟәымҭхо ахәҭак аҳасабала  хра злоу аимиџь ашьақәыргылара ҳҽазаҳшәалоит. Урыстәылатәи ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи рыцхыраарала ҳара Белорустәи  Ареспубликеи Аԥсни ирыбжьоу аекономикатәи акультуратәи аимадарақәа еиҳа арҿиара азы аусура мҩаԥаагоит.  Уи ҳусура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп», - ҳәа аҳәаҭа ҟаиҵеит Олег Барцыц.

Олег Барцыц иара убас Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵа аҿы ацәыргақәаҵа «Россия» даҭааит, иблала ибеит аекспозициа «Регионы России».  

Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Аԥсны Аҳәынҭқарра Москватәи Акультура Усуратә Центр Атехникатә маҵзура анапхгаҩы Сергеи Баженов дицны Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵа (ВДНХ) аҿы иҟоу Ареспублика Аԥсны амилаҭтә павилион аҭагылазаашьа гәеиҭеит. Араҟа имҩаԥысуа ареставрациа-ргыларатә усурақәа маҷк ада ахыркәшарахь инеихьеит.


Read 37 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 13:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.