АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Мшаҧы.2024

50 шықәса раԥхьа абыргцәа рансамбль «Нарҭаа» Венгриа иреиҳаӡоу аҳамҭа «Ахьтәы ԥсаркәты» анашьахеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   50 шықәса раԥхьа, мшаԥымза  7, 1974 шықәса рзы акыр шықәса анызҵыз аԥсуа быргцәа рансамбль «Нарҭаа» Венгриа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи авокалтә коллективқәа рфольклортә конкурс аҿы иреиҳаӡоу аҳамҭа «Ахьтәы ԥсаркәты» анашьахеит.

Аԥсны акыр шықәса анызҵыз абыргцәа рансамбль «Нарҭаа» раԥхьа иаԥҵан 1948 шықәса рзы акомпозитор Иван Кортуа ила, анаҩс уи напхгара аиҭон акомпозитор Кәасҭа Ченгелиа.  Ансамбль Аԥсны еиԥш уи хара анҭыҵгьы, Асовет Еидгыла зегьы аҿы еицырдыруан. Уи иалахәыз артистцәа 70 шықәса инаркны 130 шықәса рҟынӡа рхыҵуан.  

«Мшаԥымза, 1974 шықәса рзы аԥснытәи абыргцәа рансамбль «Нарҭаа» аӡбахә Европа иалаҩит, избан акәзар уи иаиуит аҳамҭа хада – «Ахьтәы ԥсаркәтәы».  Аԥсны жәлар зегьы уи гәырӷьара дуны ирзыҟалеит, уимоу ачынуаагьы аиааирагаҩцәа ҳаҭырла ирԥылон, гәыкала реихьӡарақәа иреигәырӷьон», –  ҳәа ишәҟәы «Поёт ансамбль долгожителей «Нартаа»» аҿы иҩуан Алеқсеи Аргәын.

Усҟантәи амшқәа рзы агазеҭ «Советская Абхазия», мшаԥымза 18, 1974 шықәсазы ареспублика акультуратә ԥсҭазаараҿы иҟалаз ари акыр зҵазкуаз ахҭыс инарҭбааны иалацәажәон:

«Аҳаирплан ТУ-І54 аҳаирбаӷәаза атәарҭатә плошьадка ашьшьыҳәа иаадгылеит. Зегьы Венгертәи Жәлартә Республика аҿы имҩаԥысыз Жәларбжьаатәи афольклортә коллективқәа рконкус аҿы аиааира згаз  – Зҽаԥсазтәыз ашәаҳәареи акәашареи рансамбль «Нарҭаа» аҟынтәи абыргцәа атрап аҿы рцәырҵра ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшын.  Абар урҭ, агәырӷьареи агәадуреи рныԥшуаз, аԥсуа маҭәа рышәҵаны, рыжәҩахырқәа ауапақәа ықәыршәны иаацәырҵит аԥсуа быргцәа: Маадан Сақаниа, Џьгәаҭ Герзмаа, Куча Тәанба, Ҟастеи Ҭаниа, Давид Аиба, Ҭемыр Ванача, Ҭарашь Аџьапуа, Тандел Аџьапуа, Таркәыкә Лашәриа, Михаил Аргәын, Максуҭ Амҷба, Ҷыҷыкәа Ҵәыџьба. 102-шықәса зхыҵуа Ҭемыр Ванача дазгәдуны инапаҿы икуп – Венгриатәи ателехәаԥшра ала иаԥҵаз аҳамҭа «Ахьтәы ԥсаркәты». Зегьы гәыдибакылоит, еибагәӡуеит, еидныҳәалоит. Нас аҳаирбаӷәаза ахыбрахь еихоит, уаҟа урҭ ирыдныҳәаларц ирзыԥшуп Аҳәынҭқарратә хортә капелла. Уи аиааирагаҩцәа раҳаҭыр азы аныҳәа-фырхаҵаратә ашәа  нанагӡоит», - ҳәа ишәҟәы аҿы агазеҭ аҟынтәи ацитата ааигоит Алеқсеи Аргун.

2023 шықәсазы  ансамбль «Нарҭаа» ҩаԥхьа аиҭарҿиара рыӡбеит. Уи асахьаркыратә напхгаҩыс аҟаларазы ааԥхьара лырҭеит – аҳәса рвокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» анапхгаҩы, Аԥсны жәлар рартистка, аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара акавалер Роза Чамагәуа.


Read 41 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 15:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.