АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Мшаҧы.2024

Георги Мурадов: Ҟрыми Аԥсни рыҿиара иахәо аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицура азы Аԥсны аминистрцәа Реилазаареи Ареспублика Ҟрым аминистрцәа Реилазаареи рыбжьара анапхгарабжьаратәи акомиссиа ахәбатәи аилатәара мҩаԥысит аҩаша, мшаԥымза  9 рзы.

Аԥсуа ган аҟынтәи акомиссиа напхгара аиҭоит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти  рминистр Џьансыхә Нанба, Ҟрым аганахьала – Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.

Аилатәара ашьҭахь Џьансыхә Нанбеи Георги Мурадови ажурналистцәа рахь ицәырҵны уи аихшьаалақәа ирылацәажәеит.

Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, акомиссиа алахәылацәа Анапхгарабжьаратәи акомиссиа аԥшьбатәи аилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз аусура азы адырра ҟарҵеит.  

«Агәра ганы иуҳәар алшоит аспорт, акультура, ахәаахәҭра, аекономика, уҳәа аусеицура егьырҭ ахырхарҭақәа рыла аихьӡарақәа ҟалеит ҳәа», – иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Георги Мурадов, ари аилатәара аҿы традициала Анапхгаратә комиссиа аилатәарақәа рҿы ишьҭыххо азҵаарақәа реиԥш, Урыстәылатәи Афедерациа  Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә операциа аҭагылазаашьа ҷыда аан Аԥсни Ҟрыми рыбжьара аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«10 шықәса раԥхьа Ҟрым ҩаԥхьа Урыстәыла аилазаарахь ианыхынҳә ашьҭахь, Ареспублика Аԥсни ҳареи ганрацәалатәи аизыҟазаашьақәа  ҳабжьаҳҵеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Георги Мурадов.  

«Иахьа ҳара иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рҿы ҳанхоит. Уи аекономикатә еимадара,  атранспорт, алогистикатә схемақәа, уҳәа рыҿиара анырра ӷәӷәа анаҭоит. Ишыжәдыруа еиԥш, иахьа Урыстәылатәи Афедерациа Украина иҷыдоу арратә операциа мҩаԥнагоит. Жәаҳәарада, иахьа ҳара иарбоу аҭагылазаашьа аҿы аусура ашьақәыргылашьас иаҭатәу ҳалацәажәон. Ҳара аилатәара аԥкаанҵа ҳнапы аҵаҳҩит. Инарҭбаау аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәаны иҳамоуп. Уи иҟоу аҭагылазаашьақәа раан инагӡаны анагӡара алымшаргьы ҟалоит, аха ҳара Ҟрыми Аԥсни рыбжьара ишиашоу ала аимадарақәа рыбжьаҵаразы алшарақәа ҳамоуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Георги Мурадов аԥснытәи атауарқәа маҷымкәа Ҟрым абжьахәаахәҭыҩцәа рыла рыҭира мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Убри аҟнытә ҳара ҳастатистика аҿы иарбахаӡом аԥснытәи атауарқәа римпорт.  Аха ҳара иҳамфои зеиӷьаҟам аԥснытәи ашәырқәа, ацитрусқәа. Аԥснытәи аҩқәа хкы-хкыла ҳадәқьанқәа рҿы ирҭиуеит, уимоу, аминералтә ӡқәагьы уԥылоит. Уи ҳара ҳала џьоукы аԥара, убри аан даарагьы имаҷымкәа аԥара ҟарҵоит ҳәа ауп иаанаго.  Абжьахәаахәҭыҩцәа рҿы ахәԥсақәа 1,5-2 рыла еиҳауп. Убри азы хымԥада иалыршатәуп Аԥснынтәи ишиашоу атауарқәа Ҟрымҟа анашьҭра.  Уи  азы анапхгаратә усбарҭақәа рганахьала аиҿкааратә усура аҭахуп», - ҳәа иҳәеит Георги Мурадов.


Read 88 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 20:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.