АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Мшаҧы.2024

Урыстәылатәи амилаҭтә библиотека аҿы мшаԥымза 15 рзы аԥснытәи ашәҟәыҩҩы, ажурналист Екатерина Бебиа лԥылара мҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 202 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 15, асааҭ 14:00 рзы Урыстәылатәи Амилаҭтә Библиотека ахыбра ҿыц аҿы (Москватәи апроспект, аҩны №165, акорпус 2) аԥснытәи ашәҟәыҩҩы, ажурналист Екатерина Бебиа лԥылара мҩаԥысраны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит абиблиотека асаит.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, апублицист, ашәҟәыҩҩы, афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа  аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа иҭлыжьыз ашәҟәқәа рӡыргара мҩаԥылгоит, уи ашьҭахь лара арҭ ашәҟәқәа Урыстәылатәи Амилаҭтә Бибилиотека ҳамҭас иалҭоит. Еизаз иара убас лара иҭылхыз адокументалтә фильмқәа рцыԥҵәахақәагьы дырбахоит.

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан Екатерина Бебиа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра арратә корреспондентс дыҟан.  Аибашьра афырхацәа ирызкны иҭылхыз адырраҭарақәеи ареспублика ахьчаҩцәа ирызку адыррақәа реизгара азы иналыгӡаз аусуреи рзы, Екатерина Бебиа  аконкурс «Аибашьра ашықәсҩыра» аҿы аиааира лгеит. Лара «1992–1993 шш. аибашьраан иаарԥшыз афырхаҵареи апрофессионализи рзы» Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла апремиа алауреатс дҟалеит, «Агәымшәаразы» амедал, иара убас егьырҭ аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ланашьоуп. Аԥсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра архив аҿы иҟоуп 800 инарзынаԥшуа уи лдырраҭарақәа рынҵамҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп жәабала адокументалтә фильмқәа.  Екатерина Бебиа – 50 инареиҳаны  апублицистикатәи анаукатәи ашәҟәқәа дравторуп.

Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу акультуратә еимадара  - 200 шықәса иреиҳаны иахыҵуеит.  Урҭ аҩ-тәылак рҭоурыхи ркультуреи аҩганктәи аҳаҭырқәҵарала ишьаҭаркуп.

Аиԥылара мҩаԥгахоит Урыстәылатәи Амилаҭтә Библиотека Амилаҭтә литературақәа Рыҟәша аԥхьарҭа зал аҿы.  


Read 77 times - Ахаша, 17 Мшаҧы 2024 17:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.