АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Георги Мурадов изы: Сара еснагь издыруан Шәара шәхаҿала Аԥсны аҩыза ду дшамаз.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ҟрым Аиҳабыра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов дидкылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Асас аԥсшәа иаҳәо, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Крыми Аԥсни ирыбжьоу ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи ирымоу аҵакы. «Сара еснагь издыруан Москва ақалақь Ахадара аҟны аус аныжәуаз инаркны, иара уажәгьы Шәара шәхаҿала Аԥсны аҩыза ду дшамаз. Ҳара ҳзы гәаҿхәароуп Шәара Крым аус ахьыжәуа»,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Иазгәаҭан Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә аоперацаҟны аусеицура.

«Иазԥхьагәаҭоу апланқәеи, изҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәеи ҳажәлари ҳинтересқәа ирықәшәоит», - иҳәеит Аслан Бжьаниа, агәаанагара ааирԥшит, Иҷыдоу Арратә Аоперациа анаҩс акоммуникациақәа рзыаимадаразы еиҳа аҭагылазаашьақәа  шыҟало, ҷыдала, акруизтә лаинер аушьҭразы.

Георги Мурадов Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥыларазы, иара убас Крымтәи Ареспублика Ахада Сергеи Аксионов ихьӡала гәыблыла салам ииҭеит. Иара иазгәеиҭеит, аԥсуа-крымтәи аизыҟазаашьақәа ҩ-нызқь шықәса инареиҳаны ишырхыҵуа, хымԥада урҭ аԥхьаҟагьы ишрыцҵахо.

Аганқәа актуалра зҵаз егьырҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.

Аиԥылара иалахәын актәи аԥыза-аминистр, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Ашәарҭадара амаҵзура ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба,  Аԥсны иҟоу Упрыстәыла ацҳаражәҳәаҩ  Михаил Шургалин.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.   


Read 79 times - Аԥшьаша, 11 Мшаҧы 2024 10:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.