АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Мшаҧы.2024

Акоммуналтә усзуҩцәа Алаҳаӡы ақыҭан иҟалаз амцакра аанкылара иазку аусурақәа ирылагеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акоммуналтә усзуҩцәа иахьа Алаҳаӡы ақыҭан,  700 инаркны 800 ԥшьыркцатә метр рҟынӡа амца зкыз агәамсамеизакырҭа аҿы абылра аанкылара иалагеит.   Гагратәи «Иҷыдоу автонхамҩа» ахада Ҭемыр Бигәаа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иахьатәи амш азы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы еиҭеиҳәеит.

«Ҳара уажәы агәамсам еизакырҭа аҵакыраҿы ҳаҟоуп, амца ахьхуҵҟьо аҭыԥқәа рҿы амца арцәара ҳаҿуп. Аҭагылазаашьа иацы аасҭа акыр еиӷьуп иахьа. Атехника ашьыжь, асааҭ 8 инаркны аусура иаҿуп. Амашьынақәа рыла адгьыл ааганы агәмсам ахыхь иақәрыԥсоит. Убри ала уахь аҵәыҵәри анеира ацәыуадаҩхоит, иара убри ала амца аибакра еиҳа имаҷхоит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш амца  анаҩстәи амҽхакра аанкылара иарбоу аҭагылзаашьа аҿы зегьы реиҳа алҵшәа аазырԥшуа ауп.

«Жәаҳәарада, иҟоуп егьырҭ, еиҳа ҳаамҭа иақәшәо азнеишьақәагьы, аха макьаназы иҳалшо абри ауп», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Бигәаа.

Амш аҽеиҭанамкыр, аусурақәа иахьа ахәылбыҽханӡа ихыркәшахароуп.

Ҭемыр Бигәаа иара убас агәамсам агәамеизакырҭа аҩныҵҟатәи аҿыгҳарақәа рҿы есымша ацәылабылра иаҿуп, убри аҟнытә арахь икарыжьуа афымцатә батареиақәеи аккомулиаторқәеи рҟынтәи ицәырҵыр зылшо ацыԥхь амца хәыҵнарҟьар ауеит ҳәа иазгәеиҭеит.


Read 125 times - Аԥшьаша, 11 Мшаҧы 2024 10:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.