АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Мшаҧы.2024

Ансамбль «Аураашьа» ателеканал «Культура» апроект «Большие и маленькие» алахәхара азы ааԥхьара аиуит.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль «Аураашьа» ( анапхгаҩы –  Валери  Ҭаниа)  Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуаз афестиваль аҿы Гран-при агеит.

Ахәыҷтәы-қәыԥштә хореографиатә рҿиара азы III Урыстәылазегьтәи афестиваль-конкурс «Агәахәтәы аҟынӡа шьаҿак» («Шаг к мечте») мшаԥымза   5-7 рзы  Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуан.

Ансамбль «Аураашьа» х-кәашарак нанагӡеит – аԥсуа кәашара, адыга жәлар рыкәашара, аҭыԥҳацәа рыкәашара, урҭ зегьы актәи аҭыԥқәа ааныркылеит.

Аконкурс аихшьаалақәа рыла, ансамбль «Аураашьа»  «Гран-при» анашьахеит, уи ателеканал «Культура» апроект «Большие и маленькие» алахәхара азы ааԥхьара аиуит. 


Read 48 times - Аԥшьаша, 11 Мшаҧы 2024 10:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.