АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Шьамтәыла Ахада Башар Асад Ураза-баирам аныҳәа идиныҳәалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Асад Ураза-баирам аныҳәа идиныҳәалеит.  

«Ари аныҳәамш азы  гәык-ԥсыкала  сшәыдныҳәалар сҭахуп. Шьамтәыла иқәынхо аԥсылманцәа зегьы рзы ари аныҳәа ирзаанагааит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аиашареи ахирреи.  

Ари иԥшьоу аныҳәа аҽны ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, аманшәалара, Шьамтәылатәи Арабтә Республика ажәлар – аизҳазыӷьареи аҭынч ԥсҭазаареи.

Имҩаԥыжәго анцәаиҳәара Ҳазшаз Анцәа иҟынӡа инаӡааит, шәыжәлари шәареи шәахьыҟазаалакгьы Зегь Зымчу илаԥш шәхызааит, илԥха-игәыԥха шәыгымхааит!» – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.


Read 69 times - Аԥшьаша, 11 Мшаҧы 2024 11:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.