АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Мшаҧы.2024

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа акурорттә аамҭахәҭа азы аусура арбагақәа реиӷьтәра ахымԥадатәра азы ргәырҽаниҵеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿы иааиуа 2024-тәи аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аиԥылара рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, ашьаусԥшааратә Усбарҭа анапхгаҩы Алхас Габлиа.

Араион аҿы иҟоу изаамҭанытәиу аҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Денис Аиба.

Ҳазҭоу 2024 шықәса актәи аԥшьбара азы араион аҿы азеиԥшшьоуратә хырхарҭақәа змоу 27 цәгьоура ҟалеит. (2023 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы  –  35), урҭ рахьынтә иааартын 20.  Ацәгьоурақәа раатра 74% рҟынӡа инаӡоит.

Ашәҟәы иҭагалаз 27 цәгьоура рҟынтәи  11 ицәгьоу ркатегориа иаҵанакуеит, урҭ рахьынтә хәба аартуп.

Аминистр араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура хар амам ҳәа ахәшьара аиҭеит, убри аан аԥхынтәи аамҭахәҭа азы араионтә Усбарҭа ахь адҵақәа шырӷәӷәахо, насгьы иара хаҭала уи ахылаԥшра шаиҭало азгәеиҭеит.

Лаҵарамза 1 инаркны аҩнҵҟатәи аусқәа Рминистрра хаҭалатәи аилазаара зегьы ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагахоит.

Роберт Киут Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿаԥхьа ихадоу ахыдҵа ықәиргылеит – Аԥсны атәылауааи традициала аԥсшьаҩцәа реиҳарак аԥсшьаразы еиҳа иалыркаауа Гагра араион ахь иаауа атуристцәеи ршәарҭадара алыршара.

«Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара ҷыдала ахылаԥшра анаҭалоит Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русуа, избан акәзар акурорттә сезон аан ароуп аиҳарак аԥсшьаҩцәа ахьеизо», - ҳәа иҳәеит аминистр.  Уи иара убас амилициатә аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Мысра» аҿы аусура аиӷьтәра ахымԥадатәра ахшыҩзышьҭра аиҭеит.

Аминистр иажәақәа рыла, акурорттә сезон аан акадрқәа реиҭныԥсахлара мҩаԥгахоит, амилициатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Мысра» ахь Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟынтәи амилициа аусзуҩцәа аусуразы идәықәҵахоит.

Хазы аминистр дазааҭгылеит амилициа аусзуҩцәа рҭеиҭыԥш азҵаара, иара убас урҭ атәылауааи ареспублика иаҭаауа асасцәеи ҳаҭырла рацәажәара шрыхәҭоу азгәаҭан.  Иара убас аминистр Гагра араион аҩнҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура аиӷьтәра азы ажәалагалқәа реиқәыршәареи ахәаԥшразы рыдгалареи рзы адҵа ықәиргылеит.

Ихадоу аҟәшеиҵақәа русура аиӷьтәра азы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара аганахьала  Гагра араион аҩыныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿы акадртә еиҭакрақәа мҩаԥгазарр алшоит ҳәа иазгәаҭан.

«Ҳара реалла алҵшәақәа раиура ҳазыԥшуп. Араион ауааԥсыреи уи иаҭаауа асасцәеи ршәарҭадара алыршазароуп. Шәара шәахь ахыдҵақәа иацлалоит», - ҳәа аусуратә еилатәара хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.

 

 

 


Read 73 times - Аԥшьаша, 11 Мшаҧы 2024 11:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.