АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Мшаҧы.2024

Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауз аҭаацәа рҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба мшаԥымза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра аҿы ааха зауз ԥшьҩык ауаа ргәабзиара аҭагылазаашьа азы есыҽны адырра иоуеит.   

Мшаԥымза 9 рзы аҳақьымцәа реилацәажәара ашьҭахь, уажәраанӡа Шәачатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа № 3 абылрахәышәтәратә ҟәша аҿы ишьҭаз абылра аҿы ааха зауз аҭаацәа раб Краснодартәи Аклиникатә хәышәтәырҭа №1 Абылрахәышәтәратә Центр ахь дыиаргеит.

Краснодартәи атәылаҿацә акомбустиолог хада, апрофильтә Центр анапхгаҩы Сергеи Богданов ашьыжь, мшаԥымза 11 рзы Аԥсны агәабзиарахьчаа аминистр Едуард Быҭәба   апациентцәа – ҩы-шықәсеи хы-шықәсеи зхыҵуа ҩыџьа ахәыҷқәеи урҭ рани раби рҭагылазаашьа азы адырра ииҭеит.  Урҭ рҭагылазаашьа  макьаназы акыр иуадаҩуп.

«Апациентцәа есыҽны иахәҭоу амедицинатә цхыраара зегьы нагӡаны ироуеит, аҳақьымцәа инеиԥынкыланы етап-етапла аоперативтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, ахәҭакахьала некректомиа ҳәа изышьҭоу, ахәрақәа рҟынтәи иҿыԥсааз ажьы ахәҭақәа рамхреи ажьы џьара иамхны даҽаџьара аиагареи иазку аоперациақәа мҩаԥыргоит.   Уажәазы апациентцәа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауаеиҭарса аппаратқәа иаҿакуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Богданов.

Едуард Быҭәба ҳтәылауаа рыԥсҭазаара аиқәырхареи ргәабзиара аиҭашьақәыргылареи иазықәԥо урыстәылатәи аҳақьымцәа даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, уи иара убас аҭагылазаашьа аҿиара азы ианаамҭоу адырра ирҭаларц азы аҳәара ҟаиҵеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апрес-маҵзура.


Read 142 times - Аԥшьаша, 11 Мшаҧы 2024 18:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.