АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Мшаҧы.2024

Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс 197 пачка рҟынӡа асигареҭ лыдырбалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы атранспорттә хархәагақәа ргәаҭара аан Краснодартәи аҳазалхра аусзуҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи Аԥснынтәи иааз автомашьына BMW 325 ааныркылеит. Амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс ала амашьына агәаҭараан иаарԥшхеит автомашьына азы иҟазшьарбагамыз азонақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

«Автомашьына анаҩстәи агәаҭараан еиуеиԥшым ҭыԥқәак рҿы аҭаҭын аалыҵ рыԥшааит,– ҳәа адырра ҟаиҵеит Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Алеқсеи Быков. – Асигареҭ зҭаз аблокқәа ахатәы маҭәақәа рыбжьара амашьына аидараҭыԥ иҭан, иара убас амашьына асалон аҿы амҩатә сумкақәа рҿы. Асигареҭқәа рыхәҭак амашьына аҩныҵҟа иҭаҟаҵаз амаӡаҭыԥ аҿы иҵәахын».

Зынӡа аҳазалхыҩцәа рыла иарбоу амашьына иҭыган 197 пачка (3940 цыра) асигарет «CHAPMAN», урҭ урыстәылатәи акцизатә дыргақәа адчаԥалаӡамызт, иара убас ихымԥадатәиу ацәаӷәасҭанҵара анӡамызт.

Амашьына аԥсҟы зкыз 35-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс иарбоу атауар азы адекларациа халмырҭәааӡеит, аҳазалхратә усбарҭахьгьы иналмышьҭӡеит. Азҵаараан аԥҳәыс  аҭаҭын аалыҵ Урыстәылаҟа аиагара иадҳәаланы иалагалоу аԥкрақәа ртәы шылдыруаз, убри азы уи асигареҭқәа аҳазалхратә гәаҭара иацәганы аиагара лыҽшазылшәаз атәы лҳәеит.

Атауари автомашьынеи рконфискациа мҩаԥгоуп, административтә зинеилагара азы аусеилыргарақәа хԥа хацыруп. Азинеилагара ҟазҵаз ахараԥса лыршәареи атауар зҭаз амашьына лымхрагьы лықәшәар алшоит.  


Read 144 times - Аԥшьаша, 11 Мшаҧы 2024 19:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.