АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Мшаҧы.2024

Мшаԥымза 14 рзы Аԥсны ашәахтә Маҵзура аԥҵара 30 шықәса ахыҵуеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 14 рзы Ареспублика Аԥсны ашәахтә Маҵзура аԥҵара 30 шықәса ахыҵуеит. 

Мшаԥымза 14, 1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григории-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аус аруразы аиҿкаатә «Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рҳәынҭқарратә маҵзура азы». Ари арыцхә Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура анапҵахаз мшуп. Анаҩс, ԥхынҷкәынмза 2002 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ари амаҵзура Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аҳасабала ишьақәыргылахеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра шьақәгылоуп аппарат Хадеи, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыҧшь, Очамчыра, Гал араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы иаԥҵоу ашәахтә инспекциақәа рыла.

Аппарат Хада аилазаара иалоуп анаҩстәи аусбарҭақәа: азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; хазхаҭалатиә ахаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; аоперативтә усбарҭа; анализи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; азинқәҵаразы аусбарҭа; акадрқәеи аусеилыргареи рзы аусбарҭа; афинансқәеи аԥхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; аинформатизациазы аусбарҭа.

Раԥхьаӡа иргыланы, хықәкынагӡарак аҳасабала Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿаԥхьа иқәгылоуп атәыла аекономика иаҵанакуа асубиектқәа зегьы рыбжьара ашәахтә закәанԥҵара аусура ахылаԥшра аҭара, иԥҵәоу ашәахтқәеи, егьырҭ аизгақәеи рыгжьра амҭакәа, ианаамҭоу аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ралагаларазы.

Аппарат Хада аусбарҭақәа рпрактикатә усура ҵаҵҕәыс иамоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ауснагӡара хра злоу ахырхарҭақәа рыла, «Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтә маҵзуразы» захьӡу Азакәани, аминистрра аусбарҭақәа рықәҵарақәеи рыла.

Уажәтәи аамҭазы ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра асистема аҿы аус руеит 200-ҩык инареиҳаны аусзуҩцәа. 53-ҩык аусзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа роуп, урҭ рахьынтә  9-ҩык иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп.  

Мшаԥымза 15, 1994 шықәса рзы ирыдыркылеит «Аҳәынҭқарратә шәахтә Маҵзура азы» азакәан, цәыббрамза  8, 1994 шықәса рзы  – «Ашәахтә Маҵзура ашьаҭақәа рзы» азакәан рыдыркылеит. Уи Ареспублика Аԥсны аҿы ашәахтә система ашьақәгылара апринципқәа ҳәаақәнаҵоит,  ареспублика абиуџьеттә система ахь иалагалахо ашәахтәқәа, аизгақәа, абаџьқәеи егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәеи рыхкқәа шьақәнаргылоит. Азакәан иара убас ашәахәтәқәа, аизгақәа, абаџьқәеи егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәеи зшәо ахаҿқәеи  ашәахтә агентқәеи рҭакԥхықәрақәа, рзинқәа шьақәнаргылоит.

Мшаԥымза 1994 шықәсазы ашәахтқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура раԥхьатәи анапхгаҩыс дҟалеит Беслан Константин-иԥа Кәыбраа.

1998 шықәса инаркны 1999 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Григори Ражьден-иԥа Еныкь.

1999 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс дыҟан Константин Константин-иҧа Озган.

2002-2005 шықәсқәа рзы ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан А.Н. Лышәба.

2005-2010 шықәсқәа рзы ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Вахтанг Ахра-иҧа Ԥиԥиа.

2010 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Рауф Аслан-иԥа Цымцба.

Жьҭаарамза 2016 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Даур Лионти-иԥа Кәырмазиа.

Лаҵарамза 2021 шықәса инаркны аминистрра напхагара изиуеит Нанба Џьансыхә Едуард-иԥа.

2022 шықәса инаркны Аминистрра дахагылоуп Габелиа Михаил Валери-иԥа.

Аминистрра ашьақәгылара аамҭа азы еиԥш уажәгьы аусура ихадоу аспектқәа иреиуоуп ашәахтәшәаҩцәеи ашәахтә усбарҭеи реизыҟазаашьақәа ииашаны ашьақәыргылара.

Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа ҳаамҭа иақәшәо аинформациатә технологиақәа рхархәарала аусура еиҿнакаауеит.

Убас Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аусура иҿыцу аинформациатә технологиақәа ралагалара иазкны раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵан 2011-2012 шш. рзы.  Актәи аетап аҿы анорма-зинтә база аԥҵан, иаахәан ихымԥадатәиу амаругақәа, раԥхьатәи апрограмматә аалыҵ ҭыжьын. Иарбоу аԥшьгара хықәкыс иаман ашәахтәшәаҩцәеи абиуџьети рыбжьара аицхшәаарақәа рзы аоперативтә база ашьақәыргылара.  

2017 шықәса инаркны иаку адыррақәа рбаза ашьақәгылара иалагеит (аҩбатәи апрограмматә аалыҵ).

2018 шықәсазы  Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аофициалтә саит аҿы асервис ҿыц – ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет цәырҵит. Уи дистанциала ашәахтәшәаҩи абиуџьети ршәаратә еизыҟазаашьақәа рзы актуалра злоу аинформациа аиура алнаршеит.

2021 шықәсазы аусура иалагеит «Хазхаҭалатәи аусдкылаҩ  хаҭалатәи икабинет» ҳәа асервис ҿыц. Уи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа онлаин режим ала аҳасабыркра амҩаԥгаразы алшара рзаԥнаҵеит.   

2023 шықәсазы  Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра асаит аҿы асервис ҿыц – ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет цәырҵит. «Ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет» Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ашәахтәшәаҩцәа рзы инанагӡо амаҵзурақәа рхаҭабзиара ашьҭыхреи ашәахтә усбарҭақәеи  ашәахтәшәаҩцәеи рыбжьара Аинтернет  ҳа ахархәарала аинформациала аимадара аиӷьтәреи хықәкыс иҟаҵаны иаԥҵоуп. Иарбоу афункциа иабзоураны  ашәахтәшәаҩцәа аҳасабырбақәа рынашьҭреи ашәахтә усбарҭақәа аус рыцура иазку егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи ашәахтә усбарҭа аҭаарада, онлаин режим ала рынагӡара азы хра злоу алшара аԥнаҵоит.

Уажәазы ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет аҿы анагӡара алыршахоит:

– Иназыцҵоу ашәахтә ахәԥса азы ашәахтә азы ашәахтә декларациа аҭареи ахаҿытә ҳасабырбатә усшәҟәы ахсаалага ахәаԥшреи, иара убас ашәахтәшәаҩцәа ррестр аҟынтәи агәылҩааи ауал шыҟам азы адырранҵеи раиура.  

2023  шықәсазы атәыла абиуџьет ахь иалагалан 5,21 млрд. мааҭ, убри аан планла иазԥхьагәаҭан  4,2 млрд. мааҭ.

2024 шықәса актәи аԥшьбаразы ааимҭақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  1,012 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. (123%), убри аан планла иарбан 820,7 млн. мааҭ.  

 

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/10870-14-aprelya-ispolnyaetsya-30-let-so-dnya-uchrezhdeniya-nalogovoj-sluzhby-abkhazii.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 145 times - Асабша, 13 Мшаҧы 2024 15:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.