АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Мшаҧы.2024

Абаҩхатәра злоу аҿар ралкаареи урҭ алитература ахь абзиабара дыркреи: Очамчыратәи ашкол-интернат аҿы Дырмит Гәлиа изкны апоезиатә хәылԥазы мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьаша, мшаԥымза  11 рзы, С. П. Басариа ихьӡ зхоу Очамчыратәи ашкол-интернат аҿы араион алитератор ҿарацәа рсеминари апоезиатә хәылԥази еиҿнакааит.

Алитературатә хәылԥазы аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи  150-шықәса аҵра азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.

Ашкол-интернат аҿы еизеит еицырдыруа аԥсуа поетцәа, Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аусзуҩцәеи аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гиндиеи, арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи, аԥсуа поезиа абзибаҩцәа.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны абыргцәа Реидгыла ахантәыҩы Аполлон Думааи ари аиҿкаара араионтә ҟәша ахантәаҩы Иури Лагәлааи.

«Ҳарҿиаратә еиҿкаара аусура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп ашколхәыҷқәа рԥылара, урҭ алархәны алитературатә семинарқәа, астол гьежьқәа, аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи. Ҳара ҳзы акыр аҵанакуеит абаҩхатәра злоу аҿар ралкаара, урҭ алитературеи асахьаркыратә ԥхьареи рахь абзиабара дыркра.  Ҳазҭоу ашықәс Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп. Иахьа ҳара  Дырмит Гәлиа изку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны араион алитератор ҿарацәа рсеминари апоезиатә хәылԥази мҩаԥаагоит», – ҳәа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу.

Асеминар аҿы ражәеинраалақәа ирыԥхьеит   Очамчыратәи ашкол-интернат аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа, иара убас Кәтолтәи, Ҷлоутәи, Баслахәтәи араион абжьаратәи ашколқәа рҵаҩцәа. Заанаҭла илитераторцәоу ашколхәыҷқәа абжьгарақәа рырҭеит, иреиӷьу ажәеинраалақәа алыркааит, урҭ апериодикатә кьыԥхь аҿы икьыԥхьхоит.

Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәеи рхатәы жәеинраалақәеи ирыԥхьеит апоетцәа Анатоли Лагулаа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Заира Ҭҳаиҵыҟә. 

С. П. Басариа ихьӡ зху  Очамчыратәи  ашкол-интернат аҵаҩцәа Аԥсны жәлар рпоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит, иара убас Дырмит Гәлиа ирҿиамҭақәа рыла иқәыргылаз аинсценировкақәак  ддырбеит.

Аԥсны абыргцәа Реидгыла ахантәаҩы Апполон Думааи Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гындиеи рықәгыларақәа рҿы ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа еиҵагыло аҿар рзы иаҵоу аҵакы ахадара азгәарҭеит, еизаз аҿаргьы аихьӡарақәеи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаршьеит.

Алитературатә хәылԥазы ашкол-интернат аҵаҩцәа инарыгӡаз аԥсуа кәашарақәеи ашәаҳәареи рыла ихыркәшахеит.


Read 113 times - Асабша, 13 Мшаҧы 2024 15:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.