АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Мшаҧы.2024

Алеопард Бриксик Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рталисман аҳасабала ишьақәырӷәӷәахеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Алеопард Бриксик Казань ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рталисман аҳасабала ишьақәырӷәӷәахеит. Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз астол гьежь «Мы вместе. Спорт. Развитие многополярного спортивного мира» афорум аҿы дықәгыло абри азы адырра ҟаиҵеит Ҭаҭарсҭан аспорт аминистр Владимир Леонов.

Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа мҩаԥгахоит рашәарамза 12 инаркны 23-нӡа Казань ақалақь аҿы. Ахәмаррақәа рхы аладырхәраны иҟоуп  5000-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Атурнир апрограмма аҿы иҟоуп  29 дисциплина  ала аицлабрақәа.

Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа иалахәхоит Ареспублика Аԥсны амилаҭтә командагьы. Аспортсменцәа абарҭ аспорттә хкқәа рҿы иқәгылоит:  атлетика ласы, аплиажтә напылампыл, абокс, ашахматқәа, аӡиудо, акарате, фиџьитал-мҵәышәмпыл, фиџьитал-шьапылампыл, самбо, астолтә ԥкьаҭмпыл, аԥкьаҭмпыл, аспорттә еиқәԥара (зхы иақәиҭууи абырзен-римтәи еиқәԥара), ушу, амаҟаеиқәԥара.


Read 110 times - Асабша, 13 Мшаҧы 2024 15:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.