АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Мшаҧы.2024

Ашәахтә усзуҩцәа ашәахтә усбарҭақәа раԥҵара 30-шықәса ахыҵра азгәарҭоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы Ареспублика Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа раԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала ашәахтә усбарҭақәа русзуҩцәа рахь адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.

«Ииасыз ашықәсқәа рыҩнуҵҟа шәара зыхәшьара ҳараку алагала ду ҟашәҵеит ҳтәыла ашьақәгылареи аекономикатә шәарҭадара аиҿкаареи рзы. Аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараз иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы шәара ламысцқьала шәнапынҵақәа нашәыгӡон, абиуџьет хашәырҭәаауан, асоциалтә программақәа рԥаразоужьра алшәыршон», – ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

Атәыла Ахада Аусбарҭа аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиара, азанааҭтә еихьӡара ҳаракы.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиа ареспублика ашәахтә усбарҭақәа рышьақәгылара аҭоурыхтә етапқәеи иахьатәи амш азы аусура аиҿкаареи дырзааҭгылеит.  Уи ҷыдала иазгәеиҭеит аминистрра аусура аинновациатә технологиақәа шаланагало.

«Уаҵәтәи амш ацифратә технологиақәа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.  Ашәахтә усхкы аҿы административтә процессқәа рцифравизациеи равтоматизациеи  ахырхарҭақәа рыла иҟаҵоу маҷӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.

Апаламент аиҳабы Лаша Ашәба Жәлар Реизара-Апрламент ахьӡала атәыла ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиеи Аминистрра аусзуҩцәеи Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа русбарҭақәа раԥҵара  30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

«Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа рсистема аҩаӡарақәа зегьы рҿы абиуџьет ашьақәыргылареи аҳәынҭқарреи  атәылауааи  асоциалтә интересқәа рыхьчареи азҵаара аӡбараҿы аҳәыҭқарра ихадоу ашьаҭаны иҟалеит.

Шәара шықәсырацәала ишәырҳаз шәԥышәеи шкадртә потенциали цқьа иазхәыцны аӡбамҭақәа рыдкылареи ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аколлектив атәыла анапхгара ала иқәыргылоу ахыдҵақәа рыӡбараҿы хза злоу цхыраагӡаны ирзыҟалоит. Аԥсны ашәахтә система аҿиара амҩа иануп, уи арҵабыргуеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ишәымоу аихьӡарақәа, шәара қәҿиарала аплантә зԥхьагәаҭарақәа рынагӡара алшәыршеит. Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра Аԥсны ашәахтәқәҵара аусхкы аҿы азакәанԥҵара аиӷьтәра апроцесс аҿы алагала дууп», –  ҳәа иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы.

Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура раԥхьатәи анапхгаҩы  Беслан Кубраа иколлегацәа аусбарҭа аиубилеи рыдиныҳәалеит, атәыла ашәахтә маҵзура аԥҵара аҭоурых игәалаиршәеит:

«Иҳаҩсыз ашықәсқәа шазхьаԥшыр иаҳгәалаҳаршәоит усҟантәи аамҭазы ҳмаҵзура ашьақәгылара шымҩаԥысуаз, усҟан иҟаз аҭагылазаашьақәеи ауадаҩрақәеи ртәы.  Уи аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи амзақәа рзы акәын ианымҩаԥысуаз. Аиааира згаз ажәлар аибашьрашьҭахьәи ауадаҩрақәа рхыргар акәхеит, аибашьра иаанагаз ааха ду, абиуџьеттә системеи аулафахәи аматериал-техникатә еиқәыршәареи рыҟамзаара.  Иаагозар аконцилиартә тауарқәа, аофистә маҭәа ахьааухәоз ыҟамызт, иҟамызт аофистә уадақәа, аха иҟан аинтузиазм, иҟан аиааира аифориа, агәазҭазаара ӷәӷәа ҳаман ашәахтә маҵзура аԥҵаразы, ажәлар рзы хра злоу аус аиҿкааразы.  Владислав Григори-иԥа Арӡынба ҳҿаԥхьа х-хыдҵак ықәиргылеит: ашәахтә маҵзура аԥҵара, ашәахтә маҵзура азинтә шьаҭа ашьақәыргылара, ахылаԥшратә (афискалтә) функциақәа рынагӡара алыршара. Иахьа иуҳәар алшоит ашәахтә маҵзура арҭ ахыдҵақәа рынагӡара алшеит ҳәа». 

Ашәахтә усзуҩцәа риубилеи рыдырныҳәалеит иара убас Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуа ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, Аконтрольтә Палата ахантәаҩы Зураб Оҭырба.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа ала акласстә чын «Ашәахтә маҵзура I акласс абжьгаҩ» ранашьахеит  Радион Чачибаеи Адгәыр Багаԥшьи Арсен Ԥлиеи.

Ремзи Кәыҵниеи Мераб Логәуеи «Ашәахтә маҵзура аҳәынҭқарратә абжьгаҩ» ҳәа акласстә чын ранашьахеит.  

«Ареспублиа Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа рышьақәгылареи рыҿиареи рҿы рлагала азы» амедал ранашьахеит Аԥсны Ашәахтә маҵзура ԥыхьатәи ахантәаҩцәеи аминистрцәеи Беслан Кәыбраа, Григори Еныкь, Адгәыр Лышәба, Вахтанг Ԥиԥиа, Рауф Цымцба, Даур Кәырмазиа,  Џьансыхә Нанба.

Ашәахтә усбарҭақәа рузуҩцәа гәыԥҩык «Ахылаԥшра аҿаԥхьа ҷыдала азааԥсарақәеи иҳараку азанааҭдырреи» рзы амедал ранашьахеит.

«Ареспублика Аԥсны атәылахьчара Аминистрра 30-шықәса ахыҵра» амедал ранашьахеит  Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи.

 

 

 

 


Read 107 times - Асабша, 13 Мшаҧы 2024 17:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.