АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Мшаҧы.2024

Мшаԥымза 11 рзы – афашистцәа рконцлагерқәа рбаандаҩцәа рхақәиҭтәра Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 11 рзы афашистцәа рконцлагерқәа рбаандаҩцәа рхақәиҭтәра Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит. Ауаатәыҩса рҭоурых аҿы иҟоуп акырӡа игәымбылџьбароу, ихьанҭоу арыцхәқәа, урҭ рӷьырак адунеизегьтәи аибашьрақәа ҩба зҭагӡаз  XX ашәышықәса азы иҟалеит. Ауаатәыҩса рҭоурых адаҟьақәа ирнылаз адаҟьа еиқәаҵәақәа иреиуоуп афашисттә концлагерқәа рҭоурых.

Аконцлагерқәа рҿы ааӡаб зыхганы иҭадырхази зыԥсы аиқәхара зылшази ргәалашәара иазкны есышықәса,  мшаԥымза

11 рзы афашистцәа рконцлагерқәа рбаандаҩцәа рхақәиҭтәра Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит.  Ари арыцхә Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҿы ашьақәырӷәӷәара машәыршақә иҟамлаӡеит.  Уи мшаԥымза 11, 1945 шықәса рзы Бухенвальд иҟаз аконцентрациатә лагерь абаандаҩцәа рықәгылара агәалашәара инамаданы ишьақәыргылан.

Зынӡа Германиеи уи аккупациа зызнауз атәылақәеи рҿы 14 нызықь инареиҳаны аконцентрациатә лагерқәа, абахҭақәа, геттоқәа ыҟан.  

Аԥсны 2016 шықәса инаркны анагӡара алыршахоит жәларбжьаратәи арра-мемориалтә проект «Ахьӡ архынҳәра».   Апроект анапхгаҩыс дыҟоуп агәыҳалалратә Фонд «Россия – Абхазия» адиректор Григори Скворцов.

Апроект ахықәкқәа –афашизм абаандаҩцәа, анемец концлагерқәа рҿы хабарда ибжьаӡыз, арратә ҭҟәацәеи урҭ рҭынхацәеи, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа афронтқәа рҿы иҭахаз Ар Ҟаԥшь аруаа рыԥшаара. Апроект аиҳарак иалаху иреиуоуп арратә курсантцәа,  ауниверситет астудентцәа, абжьаратәи ашколқәа аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа.

 

 

 

 


Read 48 times - Асабша, 13 Мшаҧы 2024 18:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.