АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Мшаҧы.2024

Мшаԥымза 15 рзы – 100 шықәса ҵит аҭоурыхдырҩы, ажурналист, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Алеқсандр Ҭариа диижьҭеи.

Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 15 рзы – 100 шықәса ҵит аҭоурыхдырҩы, ажурналист, 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран, Асовет Еидгыла ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Аԥснытәи ареспубликатә аибашьра, аџьа, Арбџьармчқәа  аветеранцәа Реиҿкаара ахантәаҩы  Алеқсандр Мақьҭаҭ-иԥа  Ҭариа диижьҭеи. 

Алеқсандр Мықьҭаҭ-иԥа Ҭариа диит мшаԥымза  15, 1924 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.  Ашкол даналга ашьҭахь Қарҭтәи аршьаҟатә ҵараиурҭа дҭалеит.  Уаҟа аҵара шиҵоз ауп аҩхаақәа Аӡаԥшьи Аллашҭрахәи рыхьчара дшалахәыз.

1943 шықәсазы  394-тәи  адивизиа 808-тәи ахысратә полк аилазаараҿы Краснодартәи ахырхарҭала деибашьуан.  Усть-Лабинск  агара азы ажәылараан ӷәӷәала дырхәит.  

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа активла алахәхареи аибашьрашьҭахьтәи аҭынч ԥсҭазаара ашьақәыргылареи рзы ианашьахеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра  I, II аҩаӡара аорденқәа,  «Агәымшәаразы», «Аџьа азы», «Германиа аиааиразы», «Кавказ ахьчаразы» амедалқәа, иара убас «Ахьӡ-Аԥша» ІІІ аҩаӡара аорден,  15 иубилеитә ҳамҭақәа, Аԥсни Қырҭтәылеи Иреиҳаӡоу Асоветқәа Рыпризидиумқәа  рҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәқәа хԥа.  

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан иара илшеит  90 % рҟынӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аекспонатқәа ақырҭуа оккупантцәа рыла аимҵәара аҟынтәи реиқәырхара.   

Алеқсандр Ҭариа акыр шықәса инеиԥынкыланы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы аус иухьан.   Иара дравторуп ашәҟәқәа: «Схватка с «Эдельвейсом», «Книга памяти», «413 суток оккупации», «Абхазские соколы в небе», «Символ воинской доблести», уҳәа убас егьырҭгьы.  

 


Read 187 times - Ашәахьа, 15 Мшаҧы 2024 16:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.