АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Мшаҧы.2024

Гагра ақалақь аҿы 200 рҟынӡа алеи ацгәи рраҟәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥстәқәа рыцхрааразы агәыҳалалратә фонд «Багиреи» алақәа аамҭалатәи рбарҭа «Топеи» рнапхгаҩы Саида Оҭырԥҳа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Гагра ақалақь аҿы хәыда-ԥсада аԥстәқәа рраҟәара акциа шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит.  

«Ҳара Аԥсны аԥстәқәа рраҟәара азы иҟоу апроблема еилкааны, аԥстәқәа рыцхырааразы  Бриџьит Бардо л-Фонд ахь ашәҟәы ҳаҩҩит. Иахьа лак араҟәара азы хә-нызықь мааҭ ашәара зылшо рацәамзар ҟалап, убри аан ҭаацәак рҿы акы еиҳаны аԥстәқәа аныҟәоу маҷӡам.  Ҳшымгәыӷуаз, насыԥны иҟаҳҵаз аҳәара ақәҿыҭра аиуит. Афонд ахаҭарнакцәа Аԥсныҟа иааит.  Акциа мҩаԥыслоит жәамш рыҩныҵҟа. Акциа мбаԥыргоит Бриџьит Бардо л-Фонди аԥстәқәа рыхьчаразы анемец Ассоциациеи. Ареспубликахь иааргоит жәаҩыла аҳәаанырцәтәи аҟазауаа», – ҳәа илҳәеит лара.

Акциа абар шьҭа хәымшуп имҩаԥысуеижьҭеи.

«Даара ирацәаны ауаа адҵаалахьеит, иахьатәи амш азы 200 рҟынӡа алеи ацгәи рраҟәара алыршоуп», –  ҳәа илҳәеит лара.

«Дара ирылшоит мышкала шә-лак рыԥҟара, аха уадаҩраны иҟоу алақәа рынкыларҭақәа ахьыҟоу Гагреи Цандрыԥшьи роуп, убри азоуп аԥҟарақәагьы ара изымҩаԥырго. Егьырҭ араионқәа рҟынтәи аволонтиорцәа алақәа кны арахь иааргароуп. Уи ауадаҩрақәа ацуп, атранспорти ауааи рзымхаразы», - ҳәа илҳәеит Саида Оҭырԥҳа.

Саида Оҭырԥҳа лажәақәа рыла, аԥшәма дызмам алақәа реиԥш аԥшәмацәа змоу алақәагьы рыдыркылоит. Саида Оҭырԥҳа илҳәеит ари апроблема зхала иззымыӡбо ауаа шырацәоу, уи иахҟьаны ареспубликаҿы икажьу алақәа шырацәахаз. Уи адагьы ауааԥсыра ирцәыуадаҩуп аветеринар иџьабаа ахә ахшәаара.

 «Ауаа аԥстәқәа рыманы Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи арахь иаауеит, иҟан Гал, Агәыӡера, Аҟәа, Афон Ҿыц, Пицунда рҟынтәи ауаа маҷымкәа. Акциа хыркәшахоит Гагра ақалақь аҿы, мшаԥымза 14 - 20 рзы.


Read 207 times - Ашәахьа, 15 Мшаҧы 2024 17:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.