АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Мшаҧы.2024

Уасил Царгәыш ихьӡ зхоу Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль Сартов ақалақь аҿы аконцерт аманы иқәгылараны иҟоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Уасил Царгәыш ихьӡ зхоу Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль Сартов ақалақь аҿы аконцерт аманы иқәгылараны иҟоуп.

Зыхьӡ нагоу аԥснытәи арҿиаратә коллектив ақәгылара акультуратә сезонқәа «Урыстәыла-Аԥсны 2024» раартра аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥымза 27 рзы, Саратов ақалақь, А. Шнитке ихьӡ зху аобласттә филармониа аҿы имҩаԥысуеит.

Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы – Ареспублика Аԥсны Жәлар рартист, Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика Жәлар рартист Валери Ҭаниа.

Саратовтәи ахәаԥшцәа ирыдгылахоит аԥсуа кәашарақәеи авокал-хореографиатә сахьақәа  «Аԥсуа чара», «Ауапакуашара» аибаркыратә кәашара «Аурашьа», уҳәа убас ирацәаны. 

 

 


Read 216 times - Ашәахьа, 15 Мшаҧы 2024 17:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.