АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура Хада аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ахыҵразы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа 30 шықәса рхыҵит. Аиубилеитә уснагӡатә мҩаԥысит Аминистрцәа реилазаараҟны.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура Хада аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа. Иара апрокуратуратә усбарҭақәа русзуҩцәа риубилеитә рыцхә рыдиныҳәалеит, ареспублика ажәлар рыхьӡала апрокуратура аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿ рлагала ду азы.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә ажәахә аҟны иҳәоуп:

«Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада 30 шықәса ахыҵра амш гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аколлектив зегьы.

30 шықәса раԥхьа, 1994 шықәса мшаԥымза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба Иусԥҟала иаԥҵан ҳреспублика апрокуратура.

Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада азакәанра ԥыжәара аҭара  ҳәаақәнаҵоит, ҳтәылауааи, ҳуаажәларреи, ҳҳәынҭқаарра зегь ааидкыланы рзинқәеи ринтересқәеи ахьчоит.

Иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩныҵҟа аколлектив аус ду мҩаԥнагеит азакәани азинтәлеишәеи рырӷәӷәараҟны. Иҭҵаауп зқьыла ашьауӷатә усқәа, уахь иаҵанакуеит ауаажәларра рыҟны ирылаҩыз ацәгьоурақәагьы.   

Апрокуратура аусбарҭақәа рышьақәыргылареи рырҿиареи рус аҟны рлагала ҟарҵеит иналукааша азиндырҩцәеи апрактикцәеи, аҳәынҭқарратә усзуцәа дуқәеи.

Аԥсны атәылауааи хаҭала сара сыхьӡалеи иҭабуп ҳәа шәасҳәоит  апрокуратура аусзуцәа, ҳҳәынҭқаара арӷәӷәараҟны  иахәҭоу шәлагала мҭазы.

Ҷыдала итабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп апрокуратура аветеранцәа, акыршықәса Аԥсадгьыл амаҵ азызуаз.

Агәра згоит шәара шәколлектив аԥхьаҟагьы акрызҵазкуа аус ишацнаҵо. Ҳалшарақәа еилаҵаны ҳара иҳалшоит иахьа ҳҿаԥхьа иқәгылоу аӡҵаарақәа зегьы рыӡбара, иашала еибарку еизҳазыӷьо ауаажәларра ашьақәыргылара.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭынчра, аихьӡарақәа, иара убас аҭакԥхықәра зцу шәус аҟны ачҳара, ахаҵара.

Апринципра, аиашара, аиашаӡбара гәык-ԥсык ала азыҟазаара есқәынгьы зегь реиҳа ихадароу акәны иҟазааит шәусураҟны.

Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи шәныҳәа!»" 

Урыстәыла апрокурор хада Игор Краснов ихьӡала иколлегацәа дрыдныҳәалеит Сергеи Григоренко.

«Иазысыԥхьаӡоит ҩ-ганктәи аусеицура ԥхьаҟагьы ацҵара, аизырҳара хымԥадоуп ҳәа, ҳаиашьаратә жәларқәа реизҳазыӷьаразы азеиԥш ҭоурых традициақәа ырҭбаалатәуп ҳәа" азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.

Аусбарҭа хаҭалатәи аилазаара иара убас рзанааҭтә ныҳәа рыдырныҳәалеит Аладатәи Уаԥстәыла Ареспублика Апрокурор Хада Григори Собаев, Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура анапхгаҩы Дмитри Дбар, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, убас егьырҭгьы.

Аусмҩаԥгатә иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа  Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, актәи аԥыза-министр, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Аиҳабыра ахаҭарнакцәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аӡбаратә уаажәларреи апрокуратуреи рхаҭарнакцәа.

 

 

 

 


Read 207 times - Ашәахьа, 15 Мшаҧы 2024 17:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.