АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Мшаҧы.2024

Аҟәа араион Ачадара ақыҭан амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс ҟалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Амашьыналас BMW аԥсҟы зкыз Ачадара ақыҭан  дшаауаз амашьына изаанымкылаӡакәа иаԥхьаҟа иааиуаз автобус даҿалеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ  Асҭамыр Ҭаниа.

Амашьыналас BMW аԥсҟы зкыз ахәышәтәырҭахь днаргеит, уи уажәы ареанимациатә ҟәша аҿы дышьҭоуп, иԥсҭазаара азы шәарҭара ыҟаӡам. Еиуеиԥшым ахәахәа-чахәаақәа зауз автобус апассаџьырцәа хҩык убасҵәҟьа ахәышәтәырҭахь инаргеит. Урҭ иахәҭоу амедицинатә цхыраара анрырҭа ашьҭахь рыҩныҟақәа рахь иоурыжьҭит. 

Аԥсны атуризм Аминистрра апресс-маҵзура аҿы иҟарҵаз адыррақәа рыла, амашьына заахаз автобус атуристцәа доусы ахьаанкылоз аԥсшьарҭаҭыԥқәа рахь иаазгоз атрансфер акәын. 


Read 33 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 12:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.