АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Мшаҧы.2024

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аруаа арратә парад рҽазыҟарҵоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аруаа 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира Амш  79-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә ииасра рҽазыҟарҵоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. 

Ашьаҟауаа реишьҭагыла аныҳәатә рыиасра аҽазыҟаҵара Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аԥхьа имҩаԥысуеит.

Сынтәа арратә парад рхы аладырхәраны иҟоуп 650-ҩык инареиҳаны Ареспублика Аԥсны атәылахьчара Аминистрра, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчаа Аминистрра иатәу  еидҵоу  7-тәи арратә базеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи  рыруаа. 

 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә ииасра мҩаԥысуеит лаҵарамза   9 рзы Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы, Идырым асрлдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.


Read 31 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 12:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.