АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Мшаҧы.2024

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҽыбӷаҟазаратә спорт азы Аԥсны ачемпион Даур Барцыц иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы зыԥсҭазаара иалҵыз аҽыбӷаҟазаратә спорт азы Аԥсны ачемпион, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран  Даур Николаи-иԥа Барцыц иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула идышшылоит.

«Ҳара гәалсра дула иҳадаҳкылеит иҳаҳаз алахьеиқәҵаратә ажәабжь. Шәгәырҩеи шәхьааи шәыцеиҩаҳшоит. Даур Николаи-иԥа игәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҵақәа рҿы иаанхоит», - ҳәа иаҳәоит адышшыларатә шәҟәы атекст аҿы. 


Read 33 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 12:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.