АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Мшаҧы.2024

Екатерина Бебиеи аԥхьаҩцәеи рԥылареи лышәҟәқәа рӡыргареи мҩаԥысит Санкт-Петербург ақалақь аҿы.

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 15 рзы Урыстәылатәи Амилаҭтә Библиотека ахыбра ҿыц аҿы  аԥснытәи ашәҟәыҩҩы-апублицист, ажурналист, афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор Екатерина Бебиа лԥылареи уи аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа иҭлыжьыз ашәҟәқәа рӡыргареи мҩаԥысит. Уи ашьҭахь лара арҭ ашәҟәқәа Урыстәылатәи Амилаҭтә Бибилиотека ҳамҭас иалҭеит.

Аӡыргара еиҿкаахеит Урыстәылатәи Амилаҭтә библиотека амилаҭтә литературақәа рыҟәша ала.

Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа Екатерина Бебиа илҩит иагьыҭлыжьит 12 шәҟәы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп  – «Харада ахара зыдҵаз», «Ахашҭра аҟынтәи ахьыӡ камшәара аҟынӡа», «Шьала иҩу ашәҟәқәа», «Аҟәышреи афырхаҵареи рымҩала».

Аӡыргара мҩаԥылгон абиблиотека амилаҭтә литературақәа рыҟәша аиҳабы Шьушьана Жабко.

Аӡыргара рхы аладырхәит, иара убас аџьшьаратә ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит акыр шықәса инеиԥынкыланы Санкт-Петербург ақалақь аҿы инхо аԥсуаа  Рауф Аиба, Ирина Дамениа, Мзиа Габуниа, Гәыли Аршба, иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет астудентцәа Миранда Џьениа, Аделиа Царгәыш, Милана Гәынба. Ажурналист лԥылара ахь иааит иара убас ааигәа ирратә уалԥшьа анагӡараан Украина иҭахаз Олег Бебиа иҭаацәагьы.

Аиԥылара аҿы еизаз иара убас атележурналист Екатерина Бебиа иҭылхыз адокументалтә фильмқәа рцыԥҵәахақәагьы дырбахеит.

Аиԥылара иаҭааз зегьы хшыҩзышьҭрала ашәҟәқәа равтор илзыӡырҩуан, илбаз аџьабаа ду азы иҭабуп ҳәагьы ларҳәеит.


Read 28 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 12:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.