АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Мшаҧы.2024

Асҭамыр Багаҭелиа: Ирфан Аргәын есымша дахьыҟазаалакгьы зҭоурыхтә ԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчара иазхиаз уаҩын.

Аҟәа. Мшаԥымза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 21 рзы Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора  иналукааша ауаажәларра-политикатә усзуҩ, шықәсырацәа инеиԥынкыланы Аԥсны адгыларазы  Сҭампылтәи Акомитет напхгара азҭоз  Ирфан Аргәын иԥсы ҭазҭгьы  90 шықәса ихыҵуан.

Ирфан Аргәын иԥсҭазаара зегьы Аԥсны амилаҭтә интересқәа рыхьчара иазикит. Иара Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа рымадара арӷәӷәареи аԥсны-ҭырқәтәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи Аԥсни Ҭырқәтәылеи имҩаԥысуа ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара аҿы аԥсуа диаспора ароль ашьҭыхреи Аԥсны жәларбжьаратәи апозициақәа рыӷәӷәахареи  аус аҿы илага ду алоуп.  

Аџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы  Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо  Ирфан Аргәын дзеиԥшрауаҩыз, Аԥсны иаиҭоз ацхыраара,  уҳәа ртәы еиҭеиҳәеит.   

«2018 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа сара насыԥ сыман Ҭырқәтәыла иҟоу Ареспублика Аԥсны Азакәанмчы змоу Ахаҭарнакра аҿы аусура.  Ахаҭарнакра аусура ихадоу ахырхарҭақәа иреуан ҳдиаспора аус рыдулара. Сҭампыл иҟоу Аԥснытәи акультуратә центрқәа Рфедерациа  аилатәарақәа руак аҿы аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхараҳәа аисра азҵаара иалацәажәон. Ари аусмҩаԥгатә ихы алаирхәуит Аԥсны адгылара азы Сҭампылтәи Акомитет алахәыла Ерол Кәыҭелиа. Сара алшара соуит уи иҿцәажәара, иара Аԥсны адгыларазы Сҭампылтәи Акомитет аусура атәы, уи аԥызҵаз, ианаԥырҵаз, Аԥсны иарбан цхыраароу ианаҭоз, аиҳарак Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан, уҳәа атәы сзеиҭеиҳәеит. Даара ажәа ԥхақәа иҳәеит уи Ирфан Аргәын изы», - ҳәа еиҭеиҳәеит  Асҭамыр Багаҭелиа.

«Ҳара ҳаԥсадгьыл шьам дгьылуп». Арҭ ажәақәа Ирфан Аргәын иҳәамҭаны иҟоуп. Ирфан Аргәын аԥсуа диаспора рыбжьара адагьы, Ҭырқәтәыла зегьы деицырдыруан.

Ирфан Аргәын аҭырқәа қалақь Диузџье  азааигәара иҟоу Анхәа ақыҭан диит. Уахь иқәнагалеит, анаҩс инхеит-инҵит XIX ашәышықәсаан Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иахыргаз иара дызхылҵыз аиҳабацәа. Ирфан Аргәын заанаҭла декономистын, абизнес инапы алакын.  Иара иоуп раԥхьаӡа Ҭырқәтәыла абаџь ахшәаарадатә дәқьан Duty free аазыртыз.

«Ирфан Аргәын Ҭырқәтәыла деицырдыруан, ахьӡ-аԥша змаз, зажәа акыр алнадоз уаҩын. Уи ихьӡ-илша зегьы иҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны аинтересқәа рыхьчаразы ихы иаирхәон. Ианиаамҭаз, Владислав Григори-иԥа Арӡынба Ирфан Аргәын Ҭырқәтәыла иҟоу ихаҭарнакыс дҟаиҵахьан.  Иара аибашьра ҟалаанӡа еиԥш, уи ашьҭахьгьы лассы-лассы Аԥсныҟа даалон. Аибашьра аналага жәымш ааҵуаны, Сҭампыл ақалақь аҿы иаԥҵан Аԥсны адгылара аҭаразы  Акомитет. Уи анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан Ирфан Аргәын.   Акомитет раԥхьатәи амшқәа инадыркны активла аусура  иалагеит. Уи аибашьра ахьцоз Рыԥсадгьыл ахь ацхыраара аҭара азы аԥаратә хархәагақәа реизгара, агуманитартә цхыраара аҳасабала афатә аалыҵқәа, ахәшәқәа, амаҭәа-ҩыҭәа адәықәҵара аиҿкаара иалагеит. Акыр аҵанакуан жәаҳәарада Акомитет имҩаԥнагоз аинформациатә усурагьы, Аԥсни уи ажәлари ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы изҿу ақәԥара азы ииашоу аинформациа аларҵәара.  Ԥыҭрак ашьҭахь, Ирфан Аргәын Акомитет ахантәаҩыс дҟаҵан, уи иара дахагылан 16 шықәса инеиԥынкыланы», –  ҳәа иҳәеит Асҭамыр Багаҭелиа.

Аԥсны адгылара аҭаразы Сҭампылтәи Акомитет аԥҵара ахықәкы хаданы иҟаз аҭоурыхтә Ԥсадгьыл ганрацәала ацхыраара аҭара акәын.

«Азҵаарақәа зегьы – аекономикатәи инаркны адипломатиатә зҵаарақәа рҟынӡа Ҭырқәтәыла алацәажәара аиуон, анаҩс ари Акомитет аҿы иӡбахон. Уи зегьы напхгара аиҭон Ирфан Аргәын. Иара  адиаспора азҵаарақәа рыӡбаразы лассы-лассы Аԥсныҟа даалон, еиуеиԥшым аконференциақәа, Жәларбжьаратәи аԥсуа-база жәлар Рассоциациа аконгрессқәа ихы алаирхәан. Ерол Кәыҭелиа иара даара зажәеи зуси еимадаз, апринципра злаз, аҭакԥхықәра здыз уаҩны дыҟан ҳәа дихцәажәон.  Ерол Кәыҭелиа иажәақәа рыла, Ирфан Аргәын акагьы дацәшәомызт, иҭоурыхтә ԥсадгьыл аинтерессқәа рыхьчаразы Ҭырқәтәылатәи аполитикцәа иаартны игәаанагара реиҳәон. Иара иоуп Владислав Арӡынба 1992 шықәсазы Ҭырқәтәылаҟа иаара аԥшьызгазгьы еиҿызкаазгьы», - ҳәа иҳәеит  Асҭамыр  Багаҭелиа.

Ирфан Аргәын иԥсҭазаара далҵит нанҳәамза  27, 2016 шықәса рзы. Иара анышә дамадоуп   иқалақь гәакьа Диузџье аҿы. Уи иԥсыжра иадҳәалаз алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит адиаспора иналукааша ахаҭарнакцәа жәпакы.  Аԥснынтәи иҟан арепатриациа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа напхгара зиҭоз аделегациа.

Ирфан Аргәын иԥеи иԥҳаи  – Мураҭи Севдеи Аргәынаа Аԥсныҟа изныкымкәа иаахьеит, урҭ аԥснытәи атәылауаҩра рымоуп. 

 

 

 

 

 

 

 


Read 173 times - Амҽыша, 21 Мшаҧы 2024 18:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.