АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Аҩбатәи Аԥснытәи Агәабзиарахьчаратә Форум иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ашәахьаҽны, мшаԥымза 22 рзы иаатит Аҩбатәи Аԥснытәи Агәабзиарахьчаратә Форум.  

Афорум иалахәын аԥснытәи, урыстәылатәи амедицинатә усзуҩцәа -    аспециалистцәа, Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ракадемикцәа, рдокторцәа, ркандидатцәа.

Афорум сасцәа дахьқәаны иалахәын: Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко, Алада Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьикгаев, Приднестровиа агәабзиарахьчара аминистр Кристина Албул.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҩбатәи Аԥснытәи Агәабзиарахьчаратә Форум далахәын. Уи Афорум иалахәыз бзиала шәаабеит ҳәы раҳәо иазгәеиҭеит:

 

«Ҳаҭыр зқәу Афорум алахәцәа, асасцәа!

Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит Аҩбатәи Аԥснытәи Амедициантә Форум аартрахь! Ҵыԥх ихацыркыз ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә шьҭа традициа бзианы иҟалеит. 

Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ракадемикцәа, рдокторцәа, ркандидатцәа еидызкылаз ари ахҭыс ҳтәыла амедицина арҿиаразы аҵак ду амоуп.

Афорум агәабзиарахьчара асистема аиӷьтәреи, ҳтәылауаа зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара иазынархоу азеиԥш зыӡбақәа рыԥшаареи, астратегиақәа разырхиареи рзы агәабзиарахьчара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аҳақьымцәа, аспециалистцәа, аекспертцәа реидкылара хықәкыс иамоуп.

Сара агәра згоит ари афорум ареспубликаҟны амедициантә усхк аҿиара амҩаҟны ицхыраагӡаны ишыҟало. 

Аҳәынҭқарра аполитика ҳастратегиатә партниор хада - Урыстәылатәи Афедерациа ганрацәала аус ацура  арҿиара иазкуп. Уи атәы бзианы иаанарԥшуеит амедицина иактуалтәу аганқәа реиҳарак зымҽхазкуа иахьатәи ҳаиԥылара.

Ари уасмҩаԥгатә ахырхарҭа хадақәа ируаку, Аԥсни Урыстәылеи агәабзиарахьчара аусхк аҟны русеицура ҳтәылақәа амедицинаҟны иреиӷьу аԥышәеи, аԥхьагылара змоу атехнологиақәеи реимдара алнаршоит. 

Ишәзеиӷьасшьоит лыҵшәа змоу аусуреи шәҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкқәеи ауснагӡатәқәеи ралышара».

 

 


Read 117 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.