АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Мшаҧы.2024

Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны Лугансктәи арҵаҩратә Университет астудентцәа рԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Лугансктәи арҵаҩратә Университет аҭоурых, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи асоциал-политикатә наукақәеи Ринститут астудентцәеи арҵаҩцәеи дырԥылеит. Аиԥылара мҩаԥысит Москва ақалақь аҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, астудентцәеи урҭ рнапхгаҩцәеи еиуеиԥшым азҵаарақәа рыҟаҵара азы алшара рыман. Заԥхьаҟа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рганахьала аус зураны иҟоу Аԥсны аҭоурых, адәныҟатәи аполитика,  Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи, егьырҭ адипломатиатә еизыҟазаашьа зыбжьоу аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара аусеицура ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи ҳаԥхьаҟатәи аперспективақәеи, жәларбжьаратәи аконтактқәа рыҿиареи рырҭбаареи азҵаарақәа рзы азҿлымҳара аадырԥшуан .  

Аиԥылара иалахәыз иҟоу жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа,миҿыцу урыстәылатәи арегионқәеи Аԥсни рыкәша-макәша имҩаԥысуа ахҭысқәа, агеополитикатә процессқәа, уҳәа  рзы  ргәаанагарақәа еибырҳәеит, иара убас  акультуратә, аҵарадырратә, анаукатә усхкқәа рҿы аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Лугансктәи арҵаҩратә Университет арҵаҩцәа ироуз алшара рхы иархәаны, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет еиҳа инарҭбаау аимадара абжьаҵара аганахьала ацхыраара азы Алхас Кәыҵниа иахь аҳәара ҟарҵеит. Алхас Кәыҵниа Ацҳаражәҳәарҭа аганахьала Лугансктәи арҵаҩратә Университети Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети рыбжьара аҵараиурҭабжьаратәи аусеицуреи аимадареи рыбжьаҵара алыршара азы иахәҭоу ашьаҿақәа зегьы шыҟаҵахо азы асасцәа агәра диргеит.


Read 80 times - Ахаша, 24 Мшаҧы 2024 22:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.