АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа: апартаментқәа рзы азакәан апроект аиҭакра алшоит, аха уи ҳтәыла аеканомика азы хәарҭа аланы иҟалоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны идыргылоит ирҭииуеит апартаментқәа, аха уи иахьа иҟоу аԥҟарақәа рыла ауп ишымҩаԥысуа, убри аҟнытәи аппозициа ауаа рырҩашьара иазырханы имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа ахәҭаны иҟам ҳәа исыԥхьаӡоит.  Абри атәы Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.  Уби аан уи инаҵшьны иазгәеиҭеит «иахьа иҟоу аԥҟарақәа инагӡаны игәылыршәам, ари зегьы раԥхьаӡа иргыланы абизнес ауп – апартаментқәа рыргылареи урҭ рыҭиреи иахьа Аԥсны абиуџьет ахь изеиԥшразаалак ахашәалахәы ҳәа акгьы нанашьҭӡом.  Апартаментқәеи апарт-отельқәеи рзакәантә шьаҭа аҭышәынтәалара азы азакәан иарбазароуп апартаментқәа знапаҿы иҟоу аԥшәмацәа  рмазаразы ашәахтә. Уи аҟнытә иааиуа ахархәагақәа хықәкылатәи абиуџьеттә фонд аҟны еизгахарц, уи  ҷыдала Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рыбзазара аиӷьтәра иазырхазарц.

Аҳәынҭқарра Ахада азакәанԥҵаратә аԥшьгара аҳасабала Жәлар Реизара-Апарламент ахь иалеигалаз «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзакәантә шьаҭа аҭышәынтәалара азы «азакәан апроект акәзар, уи Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, «аиҭакрақәа алагалазарц алшоит; уаҟа апараметрқәа еиҭарыхәаԥшзар, агеографиа еиҭахәаԥшзар ҟалоит, аха уи иааизакны  аусхкы аҿиара, ҳекономика иҭышәынтәаланы аҿиара иацхраауа зегьы реиҳа ихадоу аусхкы ауп».

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура алагара иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара иацнаҵоит, уи инамаданы, жәаҳәарада аԥсшьаҩцәа здызкыло аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара азҵаара ықәгылоит. «Иаҳзаауада, ҳара аԥсшьаразы зегьы рыла иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥаҳамҵар? Ҳаппонентцәа лассы-лассы ирационалданы адгьылқәа рхархәаразы аҽԥныҳәақәа ҳарҭоит. Иаагозар, зҵакыра 300 нызықь  гектар инарзынаԥшуа  Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа – Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа. Иарбоу апроект анагӡара азы иаҭаххоит 100 - 150  гектар адгьыл. Аппозициа ахаҭарнакцәа ажәлар рыхәҭак ари апроект хәарҭа алам, уимоу иаҳԥырхагоуп ҳәа агәра ддыргеит.   Аха аус аҿы уи хара злоу проектны иҟоуп. Ари еиҭамҵуа амазара аазхәало ауаа, ҳара ҳахь иааны ҳекономика аҿиара иацхраалоит, ҳбиуџьет ахь ашәахтә шәатәқәа аларгалалоит. Арҭ ахашәалахәқәа ашколқәеи ахәышәтәырҭақәеи рыргылареи реиҭашьақәыргылареи,  ҳхәыҷқәа рыкрыфареи реилаҳәареи рырҿиареи, уҳәа рзы ҳҳәынҭқарра алшарақәа ишиашоу ианыԥшуеит. Аинвестициақәа аҳәынҭқарра ахашәалахәқәа ныррас иамоу убаратәы иҟоуп идуу ашәахтәшәаҩцәа аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахь иаларгало ашәатәқәа рыла, убри аан урҭ изеиԥшразаалак аполитикатә зинқәа роуӡом. Апартаментқәа раахәара аԥснытәи атәылауаҩра акала иадҳәаланы иҟам», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа ралагалара адгьыл, мамзаргьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар иузаҟәымҭхо амазара аҭира аанагаӡом ҳәа ҷыдала иазгәеиҭеит. «Сара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас сыҟанаҵы уи Аконституциа ахьчара ҭакԥхықәрас исыднаҵы, адгьыл аҭира аганахьала изакәызаалак алацәажәарақәа залыршахом. Сусура зегьы ҳхәыҷқәа иахьрызҳаша, иахьынхаша  Ҳаԥсадгьыл аҿиара, уи аԥеиԥш бзиа ашьақәыргылара иазкуп.  Уаҳа даҽа мҩакгьы ҳамаӡам!» - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа агәра ганы дыҟоуп апартаментқәа Аԥсны гәахәарыла ишаархәало Урыстәыла иқәынхо аԥсуаа ирзааигәоу ажәларқәа  рхаҭарнакцәа  –  адыгаа, ачерқьесцәа, аҟабардақәа, ауаԥсаа.  «Шәгәы ишԥаанаго, уи аиашьаратә жәларқәа реизааигәара иацымхрааӡои? Ҳара урҭ еиҳа лассы-лассы иаҳбалоит. Уахьгьы-анахьгьы аҭаацәарақәа аԥырҵар, ҳаиниалар, аусеицуреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьалар, уи хра злоу усӡами нас? Ҳкультуреи ҳмилаҭтә хаҭашьара иазеиӷьӡами уи?» – ҳәа ахәҭакахьала азҵаарақәа ықәиргылеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.


Read 205 times - Асабша, 27 Мшаҧы 2024 11:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.