АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа: аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩа аҿиара азы ииашаны амҩа алнахит.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ареспублика аҿы ақыҭанхамҩа активла аҿиара мҩаԥысуеит, уи иазоужьхоит абиуџьеттә хархәагақәа рнаҩсгьы хазхаҭалатәи аинвестициақәагьы. Абри атәы Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.   

Хы-шықәса рыҩныҵҟа ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа анагӡара иазоужьхеит 300  млн. мааҭ.   2024 шықәсатәи атәыла абиуџьет аҿы иарбоу ахықәқәа рынагӡаразы иазԥхьагәаҭоуп   150 млн. мааҭ. «Ҳара иҳамоуп имаҷымкәа инагӡоу апроектқәа. Ухала уцаны ублала иубар алшоит ана-ара апроектқәа рынагӡара шымҩаԥысуа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ақыҭанхамҩа иалагалахо иалагеит имаҷымқәа аԥаратә хархәагақәа, уи аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи мацара акәымкәа, Урыстәылатәи Афедерациа абанкқәа рыдгыларала альготатә кредиқәа рзоужьра аҳасабалагьы  имҩаԥысуеит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Иара ҿырԥштәыс иааигеит Очамчыра араион Кәтол ақыҭа. Араҟа аинвестициақәа рымҽхак иааизакны  1,4  млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи  –100 гектарк инареиҳаны ааӡахәаҭрақәа, иара убас зыргылара иаҿу аҩыҟаҵарҭатә зауади амилаҭтә  чысқәа рқьафурҭеи. «Ари апроект даара аинтерес аҵоуп. Аҳәынҭқарра уи адгылара анаҭеит, 800 млн. мааҭ кредит ҳасабла иазоунажьит.  Аҩыҟаҵарҭатә зауади ақьафурҭеи раартра азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс нанҳәамза 15 рзы. Уи Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа аҿиаразы хра злоу аимпульсны иҟалоит.  Сара агәра ганы сыҟоуп ари аҭыԥ Аԥсны иаҭаауа асасцәа рацәаны ишаднаԥхьалало. Сара сгәаанагарала, ари ииашаны ирхәыцыз, ианаамҭоу иаԥшьыргаз проектуп», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Даҽа проект дук анагӡара мҩаԥысуеит Гәылрыԥшь араион  аҿы, уаҟа аинвестициақәа рымҽхак 700 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. «Ари апроект ҳреспублика аҿы иаарыххо ацитрустә шәырқәа реизақәреи, иара убас урҭ ашәырӡқәеи ашәыреиларжәршьышьқәеи  ирыдҳәалоуп. Ари баша цәжәараны иҟаӡам, ари апроект хара имгакәа анагӡарахь инеиуа ауп», – ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Ахатәы инвестициақәа рыла ԥыхьатәи асовнхара «Кохора» аҿы ацитрустә плантациақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.  «Ари анхамҩа аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы 200 тонн рҟынӡа аарыхра аиуон. Убри аан, иазгәаҭатәуп уаҟа иҟоу 600 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл аҵакыра аҟынтәи ахархәара шамаз  70 - 80 гектар мацара, егьи иаанхаз ажәырҭ ахыиааны иаанханы иҟан.  Уажәы зегьы дрыцқьеит, зқьыла аиҭаҳатә ҿыцқәа еиҭарҳаит, зегьы ҭахкаауп.  Арҭ ашәырҵлақәа 5 – 8 шықәса рышьҭахь ашәыр аҿалоит. Зегь ус ицар, ҳара ҳазыхынҳәуеит асовет аамҭа азы иҟаз арбагақәа», ­ ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Гал араион аҿы анагӡара иаҿуп апроект ду. «200 тонна инареиҳаны аԥсыӡ аалыҵ роуит Галтәи аӡеизакырҭа аҿы. Ара ирааӡоит акалмаҳа, аԥсыӡкәтаӷь ҟаԥшь ҭрыжьуеит. Анаплакы анаҩсгьы аҿиара иаҿызаауеит, ҳаргьы уи ацхыраара аҳҭоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа жәаҳәарада еиликаауеит ас еиԥш иҟоу апроект дуқәа рынагӡараан ауадаҩрақәа цәырцыр шалшо. «Сара апроектқәа зегьы акыр аҵанакуеит ҳәа исыԥхьаӡоит, аҳәынҭқарра есымша зԥара алагалара иацәымшәакәа хра злоу аус аҟаҵара зҽазысшәо ауаа ацхыраара рыҭара иазхиазаауеит. Урҭ атәыла Ахадеи Анапхгареи рҟынтәи адгылара роуеит», - ҳәа еизаз агәра диргеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аголубика ҳәа изышьҭоу аарыхра – Аԥсны азы иҿыцу ақыҭанхамҩатә хырхарҭоуп. «Аголубика ҳара ҳзы иҿыцу культуроуп, аха уи Урыстәылеи Аԥсни рџьармыкьақәа рҿы акыр изыдҵаало, ахархәара зауа культуроуп.  Ари апроект есышықәса иаҳа-иаҳа аҽарҭбаауеит, уи, жәаҳәарада уамеигәырӷьар залшаӡом», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Гәылрыԥшь араион аҿы аусура иалагеит аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡрыжәтә ҭзыжьуа азауадгьы.

«Иабоу апроектқәа рынагӡаразы иалагалаз аинвестициақәа рзеиԥш хышәа-ҵышәа 5 миллиард мааҭ иреиҳауп.  Хыԥхьаӡара рацәала аусуратә ҭыԥқәа цәырҵуеит. Ҳара ҳтәыла аҿы иҟалоит ҳхатәы атауартә аалыҵ, уи ала ҳаҩныҵҟатәи аџьармыкьа аиқәыршәара еиԥш, атауар Урыстәылатәи Афедерациа аџьармыкьа ахь адәықәҵареи алыршахоит.  Уи асоциалтә проблемақәа жәпакы рыӡбара алнаршоит, ауааԥсыра ақыҭақәа ааныжьны ақалақь ахь рыиасра апроблемагьы уахь иналаҵаны. Ҳқыҭақәа рҿы имаҷымкәа иҟоуп усуратә ҭыԥда иаанхаз ауаа. Ас еиԥш анаплакқәа рыҟазаара ауаа иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо аусуратә ҭыԥла реиқәыршәара алнаршоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп, «аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩа аҿиара азы ииашаны амҩа алнахит». 

 

 

 

 

 

 

 


Read 209 times - Асабша, 27 Мшаҧы 2024 12:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.