АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Мшаҧы.2024

Аԥсны Ахәаахәҭара-ааглыхратә Палата аҿы «Анаплакқәа реизакхьӡынҵа-2024» аӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭара-ааглыхратә Палата аҿы ахәаша, мшаԥымза 26 рзы «Анаплакқәа реизакхьӡынҵа-2024» аӡыргара иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит  Аԥсны Ахәаахәҭара-ааглыхратә Палата апресс-маҵзура. Ари 16-тәи ҭыжьымҭоуп. Сынтәа аизакхьынҵа аҵарадырра иазкуп. Аҭыжьымҭа атираж  – 1000 екземплиар рҟынӡа инаӡоит.

Аусмҩаԥгатә ҳаҭыр зқәу асасцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҵарадырра асистема ахаҭарнакцәеи аусдкылаҩцәеи. 

Аусмҩаԥгатә аартуа, Ахәаахәҭара-ааглыхратә Палата Апрезидент Тамила Мерцхәлаа, иарбоу аизакхьӡынҵа усуратә ҭыжьымҭоуп, уи аусхкқәа жәпакы рхаҭанакцәа рзы, иара убас аҳәаанырцәтәи  атәылақәа рбизнес еилазаараазы ихадоу аинформациа ахыҵхырҭаны иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.  

«Сынтәа ҳара иҳаӡбеит аҵарадрра ахшыҩзышьҭра аҭара, ари атема машәыршықә ицәырымҵӡеит, избан акәзар,  аҵарадырра ианакәзаалакгьы  ауаажәларра рыԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа аҭыԥ аанакылон.  Уи ауаҩы ихаҭашьара ашьақәгылара аҿы акыр ароль ду нанагӡоит, атәылақәа економикала аҿиара иацхраауеит. Аҵарадырра адыррақәа раиуреи, урҭ анаҩс аԥсҭазаараҿы рхархәареи, иара убри ала аԥсҭазаашьа аҩаӡара ашьҭыхреи егьырҭ ауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәреи рзы зеиӷьаҟам аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит. Убас ала, аҵарадырра ауаажәларра иҭышәынтәалоу рсоциал-економикатә ҿиара азы ихадоу елементны иҟоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Ҭамила Мерцхәлааԥҳа.  

Иарбоу аизакхьӡынҵа аҿы абжьаратәи, иҷыдоу азанааҭ-техникатәи иреиҳаӡоуи аҵарадырра аусхкы аҿы аспециалистцәа ргәаанагара убар алшоит.  Урҭ дара русура адагьы, иахьатәи амш азы иҟоу апроблемақәагьы ирылацәажәоит. Аҵарадырра ахаҭабзиареи уи иадҳәалоу аусхкқәа русура азы ихымԥадатәиу азанааҭқәеи рзы ргәаанагара рҳәоит аусдкылаҩцәагьы.

Ҭамила Мерцхәлааԥҳа идуӡӡаны иҭабуп ҳәа лҳәеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра, араионтә шәахтә инспекциақәа   «Анаплакқәа реизакхьӡынҵа-2024» аиқәыршәараан аинформациа аизгараҿы активла  иҟарҵоз ацхырааразы.  

Аӡыргаратә усмҩаԥгатә аҿы иқәгылеит аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәа русқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Инар Садзба, аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа анапхгаҩы Асҭанда Ҭаркьыл, ахатә школ «Алашара адиректор Марина Ԥлиа, Аԥсны раԥхьатәи IT-школ адиректор Дамеи Џьонуа.

Дара зегьы Ахәаахәҭа-ааглыхратә Палата иҿыцу аизакхьӡынҵа аҭыҵра адырныҳәалеит, доусу русура иалацәажәеит, иҟоу апроблемақәеи урҭ ӡбышьас иарҭоуи иазааҭгылеит, иара убас Аԥсны аҵарадырра аҩаӡара ашьҭыхра азы азеиӷьашьарақәа ҟарҵеит.

Аусмҩаԥгатә аофициалтә хәҭа аныхыркәшаха ашьҭахь, аӡыргара иалахәыз зегьы аҭыԥантәи аусдкылаҩцәеи анаплакыҩцәеи, Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата иалахугьы уахь иналаҵаны иҭрыжьыз аалыҵ ргьамақәа гәарҭеит.   Урҭ гәахәарыла ирыхәаԥшит жәлар рмузыкатә инструментқәеи амҿы иалху амаҭәахәқәеи.

Изҭаху зегьы аҭыԥантәи акомпотқәа, ашәырқашьқәа, ауараш, аџьемқәа, ашьақаркамфеҭқәа, ишьақаррку ашәыр, амармелад, ашәырҩақәа, алаҳарҩа, аҵәаршьышьы, ачаи, ауҭраҭых, аххылақәа, уҳәа ргьамақәа рбар рылшон.

Аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылеит Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар рмузыкатә инструментқәа раркестр.

 

 

 

 

 

 


Read 46 times - Ашәахьа, 29 Мшаҧы 2024 19:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.