АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Андреи Назаров иира Амш идиниҳәалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Башкортосҭан Анапхгара аԥыза-министр Андреи Назаров иира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә телегарамма аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Андреи Геннади-иԥа!

Шәира Амш инамаданы ишәыдышәкыл гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара!

Шәара, абаҩхатәра злоу анапхгаҩы шьахә, ахарахәыцра злоу, аԥышәа ду змоу, ззанааҭдырра ҳараку аусзуҩ, зусуратәи зыуаҩратәи аҟазшьақәа ирыбзоураны аҳаҭыри апатууи зқәу уаҩны иҟалаз шәоуп.

Аԥсны ибианы иргәалашәоит Башкириа ажәлари анапхгареи еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы аԥсуа жәлар ирырҭаз адгылареи ацхыраареи ртәы.  Ари аҭоурых адаҟьа агәра ҳнаргоит ҳаԥхьаҟагьы ҳара ҳреспубликақәа ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа  реиқәырхареи адагьы реихаҳареи рырҿиареи шҳалшо.

Ҳаҭыр зқәу Андреи Геннади-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, аманшәалара Урыстәылатәи Афедерациеи Башкортосҭани реизҳазыӷьара иазкны имҩаԥыжәго хра злоу аусураҿы аихьӡара дуқәа!»


Read 120 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.