АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Мшаҧы.2024

Мшаԥымза 30 рзы аусура хнаркәшоит жәларбжьаратәи арт-пленэр «Феникс».

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Мшаԥымза 30 рзы аусура хнаркәшоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҟазара афакультети ихьыԥшым асахьаҭыхыҩцәа жәларбжьаратәи реидгыла «Апсны-арти» рыла еиҿкаахаз  жәларбжьаратәи арт-пленэр «Феникс», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсадгьыл-инфо. Арт-пленер  мҩаԥысуеит Москватәи Акультуратә Усуратә Ҩны «Москва Аҩны» иҟанаҵо адгылара иабзоураны.

Апленер актәи амш, мшаԥымза 24 азы уи алахәылацәа Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы аус руан, анаҩс урҭ иаҭааит ақалақьқәа Гагра, Афрн Ҿыц, Очамчыра, иара убас Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа.

Апленер аҵыхәтәантәи амш мшаԥымза 29 азы, уи иалахәыз ҩаԥхьа Аҟәа ақалақь аҿы аус рулоит. Анаҩс аихшьаалатә ҳасабырбатә цәыргақәҵа азы иалкаахоит апленер аан иҭыхыс асахьақәа. Уи мҩаԥгахоит мшаԥымза 30 рзы Аҟәа ақалақь аҿы .

Арт-пленер «Феникс» еиҿкаахеит Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа ацхыраара аҭара хықәкыс иҟаҵаны.  Иреиӷьу аусумҭақәа уи афонд ахь ииагахоит.

«Арт-пленер аусура аихшьаалақәа рыла имҩаԥгахо ацәыргақәҵа мышкы аус аулоит. Иалаҳхо аусумҭақәа ҳара Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд аҿы иаанҳажьуеит. Егьырҭ аусумҭақәа арт-пленер алахәылацәа дара иргоит», - ҳәа илҳәеит апроект акоординатор,  ААУ аҟазарақәа рфакультет арҵаҩы Мактина Гогиа.

Традициала, абар жәынтәны имҩаԥысуа арт-пленер алахәылацәа иреиӷьу русумҭақәа Аԥсны асахьатә галереиа афонд ахь ииагахон. Аусумҭақәа ажьырныҳәамза  21, 2024 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иҟалаз абылра иахҟьаны иблит.

Иҳаҩсыз ашықәс азы еиԥш сынтәагьы, арт-пленер ашҟа иааит Урыстәыла, Белоруссиа рҟынтәи еицырдыуа асахьаҭыхыҩцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Евгени Шьеглов, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ Елена Павловскаиа, Ареспублика Белорусь асахьаҭыхыҩцәа  Реидгыла ахантәаҩы Глеб Отчик, Ареспублика Белорусь адизаинерцәа Реидгыла ахантәаҩы Сергеи Варкин, Ареспублика Белорусь зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Васили Костиученко.


Read 122 times - Ашәахьа, 29 Мшаҧы 2024 21:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.