АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Лаҵара.2024

Аминистрцәа Реилазаара аҿы Амилаҭтә сахьатә галереиеи Ацәыргақәҵатә зал Хадеи реиҭашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Вмтали Џьениа хантәаҩыс дызмоу Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахаҭарнакцәа дырԥылеит.  Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Хара имгакәа ихыркәшахоит Пушкин имҩала игылоу Амилаҭтә сахьатә галереиа ахыбра аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа, ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб. Уи иажәақәа рыла, уаҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь ацәыргақәҵақәа мҩаԥыугалар алшоит. Ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны аусурақәа рынагӡара, иара ахыбра аҭагылазаашьа, иара убас уи архитектуратә ҭеиҭыԥш аиқәырхара ахымԥадатәра ҳасаб азуны, еиҳа аамҭа агар алшоит ҳәа иазгәаҭан.

Аиԥылара аҿы иара убас асахьатә галереиа афонд ахарҭәаара азҵаарагьы иалацәажәеит.

Аиԥылара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарратә Еилахәыра «Аԥсныргылара» адиректор Хада Руслан Тәанба.  


Read 264 times - Аҩаша, 07 Лаҵара 2024 21:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.