АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Лаҵара.2024

Алеқсандр Анқәаби Алеқсеи Сазанови аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи Сазанови, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Аиԥылара мҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара ҩынтәны  ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалазы ашәахтәқәа рыцәхьамҵреи рзы Аиқәшаҳаҭра» анапаҵаҩра ашьҭахь.

Алеқсандр Анқәаби Алеқсеи Сазанови ареспублика аҿы аинвистициатә климат аиӷьтәра уахь иналаҵаны, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара ацхыраара аҭара иазку аусшәҟәы анапаҵыҩра иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәарҭеит.

Аԥыза-министр Алеқсеи Сазанови иааизакны Урыстәыла афинансқәа Рминисрреи иааиԥмырҟьаӡакәа иҟарҵо ацхыраара азы   иҭабуп ҳәа иҳәеит.


Read 228 times - Аҩаша, 07 Лаҵара 2024 21:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.