АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИА БАШАР АСАД ИИАРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа.  Цәыббрамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Башар Асад иира Амш идиныҳәалеит.   

«Шәиара Амш инамаданы ишәыдышәкыл гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара. Адунеи зегьы аҿы Шәара зтәыла амилаҭтә интересқәа хьаҳәхьачарада изыхьчо,  уи аизҳазыӷьареи ашәҭыкакаҷреи рзы хамеигӡарыла зымчи зылшареи адызҵо, ахара иԥшуа, акыр здыруа аҳәынҭқарратә усзуҩны шәеицырдыруеит.

Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи  ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи хра злоу  аусеицуреи ҳаԥхьаҟа аҩтәылак рыжәларқәа ринтересқәа рыхьӡала аҳәаақәа шыҭбаахало ессааира ишыӷәӷәахало», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаратә цҳамҭа аҟны.

Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Асад агәабзиара, аизҳазыӷьара, Шьамтәыла ажәлар хра злоу аҿиара иазку аҭакзыԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵура аҿы аихьӡарақәа изеиӷьаишьеит.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/novosti/item/1192-aslan-bzhaniya-pozdravil-bashara-asada-s-dnem-rozhdeniya.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 407 times - Амҽыша, 11 Цәыббра 2022 19:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.