АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИА АДЫГЕИА АРЕСПУБЛИКА АХАДА ИМАҴУРАХЬЫ ИНЕИРА ИАЗКЫЗ АУСМҨАԤГАТӘ ДАЛАХӘЫН.

Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиа Ареспублика Ахада имаҵурахьы инеира иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын.

Мураҭ Кумпилов Адыгеиа Ареспублика Ахадас ҩынтәны далхуп.

Аинаугурациа иазкыз ацеремониа иалахәын Адыгеиа Ареспублика актәи Ахада Аслан Џьаримов, аҩадакавказтәи  ареспубликақәа рхадацәа, урыстәылатәи аполитикцәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Мураҭ Кәумпилов идиныҳәалеит  Адыгеиа Ареспублика  Ахада имаҵзура нап ахьаиркыз.

«Шәара – аԥышәа ду змоу аполитик, аҳәынҭқарратә усзуҩы, шәнапхгарала  Адыгеиа Ареспублика акырӡа аихьӡарақәа аиуит асоциал-економикитә ҿиара ахырхарҭала. Шәара шәымч-шәылшеи, шәџьабааи ирыбзоураны, шәыуаажәлар рыбзиабареи раҳаҭыри шәрыԥсахеит, иҟәыӷоу аполитик, адырра змоу  анапхгаҩы иаҳасабала»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.  

                            

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас Мураҭ  Кумпилов шәышықәсала иааиуа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазку иусура аҳаҭырқәҵара иаԥсоуп ҳәа  иазгәеиҭеит.

«Иазгәасҭарц сҭахуп хатәгәаԥхаралатәи агәыԥқәа рроль иамоу аҵак ду. Ҳашьцәа -адыгақәа ҳтәыла ахьчара анаҭахха иарӷьажәҩаны иҳадгылеит. Аӡәырҩы ҳҳәынҭқарра Ахақәиҭреи  Ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит», - ҳәа иҳәеит иара. 

Иахьа ареспублика анапхгаҩы иҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа мариаӡам, аха  Шәара шәыпрофессионализми шәыхьӡи  Адыгеиа   Ареспублика аизҳазыӷьара ахьӡала иактуалтәу ауснагӡатәқәа қәҿиарала рыӡбара иацхррауеит,-ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. 

Аҳәынҭқарра анапхгаҩы  иалырхыз Ахада аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы аихьӡарақәа изеиӷьеишьеит.

 

 


Read 379 times - Ашәахьа, 12 Цәыббра 2022 19:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.