АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИЕИ МУРАҬ КУМПИЛОВИ ХАТӘГӘАԤХАРАЛАТӘИ АИБАШЬЦӘА ИРԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадаипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла,  Аслан Бжьаниеи Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кәумпилови 1992-1993шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ирԥылеит.

Аиԥылара аартуа, Мураҭ Кумпилов иазгәеиҭеит Адыгеиеи Аԥсни аиашьара шрыбжьоу, ареспубликақәа ари  ишахӡыӡаауа.

«Арҭ аизыҟазаашьақәа шәышықәсалатәи аҭоурых рымоуп, хықәкыс иҳамоу – аԥхьаҟагьы урҭ рырӷәӷәароуп, иҳамоу акультура-ҭоурыхтә еимадарақәа рыхьчара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура аиҿкаара ауп.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиашьареи аҭынчреи рыхьӡала иаадырԥшыз афырхаҵаразы.

«Аишьцәа гәакьақәа реиԥш шәҳавагылеит, шәара иҟашәҵаз Аԥсны жәлар ирхашҭраны иҟаӡам. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ари еизҳауа абиԥарақәа рымадаразы. Даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәфырхаҵаразы, хаҭа-хаҭала агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит», - ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Анаҩс, Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.

Адыгеиатәи арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны хатәгәаԥхарала еибашьуаз»  ахантәаҩы Мадин Тлишев, хатәгәгәаԥхаралатәи аибашьцәа  рыхьӡала аҩ-тәылак рнапхгаҩцәа гәыблыла аԥсшәа реиҳәеит. Аԥсуа делегациа иҟарҵо азҿлымҳаразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Мураҭ Кәумпилов иганахьала, иазгәеиҭеит хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа еснагь ахаҵгылара шрымоу, ареспубликагьы  есқьынгьы ауаажәларратә еиҿкаарақәа, иара убас хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рыдгылара ишазхиоу.

Аиԥылараҟны ишьҭыхын ақырҭуа-аԥсуа еибашьраҿы иҭахаз Адыгеиатәи ҩыџьа хатәгәаԥхаралатәи еибашьцәа ҩыџьа рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ рыхҵара азҵаара. Иара убас адгылара аҭан хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рыхьӡала Аԥсны ашҭақәа руак аҟны абаҟа аргылара.

Аиԥылараҟны иара убас иалацәажәеит Аԥсни Адыгеиеи русеицура арҿиара иадҳәалаз азҵаарақәа. Мураҭ Кәумпилов иҳәеит аҵарадырра, агәабзиарахьчара, аспорт уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рыла аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра азырхиара ишаҿу.

«Ҳара еснагь абаҩхатәра злоу аҿар реиԥылара мҩаԥаҳгоит, ҳара ҳаҟны аԥхынтәи агәабзиарачаԥаратә ԥсшьара бзианы еиҿкаауп. Ари ашықәс азы Херсонск аобласт Гениатәи араион аҟынтә, иара убас Донбассынтә ашколхәыҷқәа ҳадаҳкылеит. Адыгеиа аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиашьаратә республика аус ацура иазхиоуп ари аусхк аҟны еиԥш егьырҭ  ахырхарҭақәа зегьы  рыҟны. Ари апроцесс рхы аладырхәуеит ауаажәларратә еиҿкаарақәагьы» - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада адгылара аиҭеит Аԥсны  аиашьаратә республикақәа - Адыгеиеи, Ҟарачы-Черқьесиеи, Ҟабарда-Балкариеи рыҩны аартразы иҟаҵаз ажәалагала.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәеи рыбжьара аҭҵаарадырратә центрқәа реимадара арӷәӷәаразы, Керашев ихьӡ зху Адыгеиатәи Ареспубликатә Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа ринститут адиректор  Адам Ҭлеужь ианашьан «Ахьӡ-Аԥша» аорден  III аҩаӡара.


Read 377 times - Ашәахьа, 12 Цәыббра 2022 20:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.