АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2022

ЦӘЫББРАМЗА 13 РЗЫ ИАЛАГОИТ АҲӘСА РКОМАНДАҚӘА РЫБЖЬАРА АМҴӘЫШӘМПЫЛ АЗЫ ИААРТУ АРЕСПУБЛИКАТӘ ТУРНИР «КАВКАЗ АЖӘЛАРҚӘА РЕИҨЫЗАРА АХРАҾА» .

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 13 – 17 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит аҳәса ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы иаарту ареспубликатә турнир «Кавказ ажәларқәа реиҩызара ахраҿа».  

Атурнир рхы аладырхәуеит аԥснытәи ҩ-командак, иара убас Донецктәи Жәлартә Республикеи Ҟарачы-Черқьестәи  Ареспубликеи Краснодартәи атәылаҿацә ақалақьқәа Кропоткини Лабински   рҟынтәи амҵәышәмпыласыҩцәа.  

Атурнир аартра иазку агәырӷьаратә церемониа мҩаԥгахоит цәыббрамза 13, асааҭ 11:00 рзы аспорттә хәмаррақәа рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы. (Надежда Курченко лыхьӡ зху апарк иахьаҵанакуа).

Аӡбаҩ хада - Николаи Гушьин.

Атурнир еиҿкаауп аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны амҵәышәмпыл азы Афедерациеи. Убри аан афинанстә цхыраара ҟанаҵеит амобилтә еимадаразы Аилахәыра «А-Мобаил».


Read 429 times - Ашәахьа, 12 Цәыббра 2022 21:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.